Руслан Аџьынџьал Ашьапылампыл афедерациа ахадас иаӡәыку кандидатуп

© Sputnik / Игорь Руссак / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИгрок ФК "Крылья Советов" Руслан Аджинджал. Архивное фото.
Игрок ФК Крылья Советов Руслан Аджинджал. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ашьапылампыл азы Афедерациа апрезидент иалхразы изаамҭанытәим алхрақәа мҩаԥысран иҟоуп аԥшьаша, жьҭаара 15 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 14 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ашьапылампыл азы Афедерациа апрезидентс аҟаларазы зкандидатура ықәгылоу Руслан Аџьынџьал заҵәык иоуп ҳәа ҳкорреспондент изааицҳаит абаҩырҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аспорт аҟәша азанааҭуаҩ Ерик Лагәлаа.

"Макьаназы Аԥсны Ашьапылампыл азы Афедерациа апрезидент ҳәа зкандидатура ықәгылоу даӡәыкуп. Иҟалоит уаҵәынӡа аҽаӡәгьы икандидатура ықәиргылар", — иҳәеит иара.

Ерик Лагәлаа адырра ҟаиҵеит абжьыҭирақәа рмаӡаны шакәу рымҩаԥгара шыҟалоу.

Стадион Динамо. - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: ашьапылампыл азы ачемпионат ныҳәа дуны иҟалоит Аԥсны

"Иргылахоит абжьыҭиразы аурнақәа. Абжьыҭира рхы аладырхәуеит Ашьапылампыл азы афедерациа алахәылацәа зегьы", — ҳәа ациҵеит иара.

Изаамҭанытәим алхрақәа мҩаԥысуеит уаанӡатәи Афедерациа ахада Џьамал Гәбаз хатәгәаԥхарала ԥхьатәара дахьцаз инадҳәаланы.

Џьамал Гәбаз Аԥсны Ашьапылампыл азы Афедерациа напхгара аиҭон 2012 шықәса инаркны.

Афедерациа апрезидентс зкандидатура ықәгылоу Руслан Аџьынџьал дыхәмаруан еиуеиԥшым урыстәылатәи ашьапылампылтә командақәа рҟны: "Краснодар" (Краснодар), «Балтика» (Калининград), "Уралан" (Елиста), "Лус-енергии" (Владивасток) у.у.е.

Ажәабжьқәа зегьы
0