Ирина Агрԥҳа: иахьатәи атәыла анапхгара ауаа ржьеит

© Sputnik, Бадрак АвидзбаИрина Агрԥҳа.
Ирина Агрԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аоппозициатә мчрақәа реидгыла ашәахьаҽны апресс-конференциа мҩаԥыргеит. Иара азкын атәылаҟны иҟоу ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьеи лассы иҟалараны иҟоу аполитикатә партиа "Амцахара" аизара дуи.

АҞӘА, жьҭаара 19 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иахьатәи атәыла анапхгара алхрақәа раан ауаа ржьеит лҳәеит ауаажәларратә еиҿкаара "Аҳәса аполитикаҟны" ахантәаҩы Ирина Агрԥҳа, атәылаҟны иҟоу ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьеи лассы иҟалараны иҟоу аполитикатә партиа "Амцахара" аизара дуи ирызкны имҩаԥгаз апресс-конференциаҟны.

"Аԥсны атәылауаа атәанчахәқәеи аулафахәы ҳаракқәеи шәоуа шәҟаҳҵоит ҳәа иржьеит. Иахьатәи анапхгара Урыстәылатәи афинанстә цхыраара иақәгәыӷуан. Сгәы иаанагоит ирацәаҩны еилыркаахьеит амц ишыржьаз", — лҳәеит Агрԥҳа.

Ирина Агрԥҳа иара убасгьы илшьоит атәыла абиуџьет анхацәа ирылхны ахарҭәаара шыҟамло.

"Ишәҳәа, иҭышәхуазеи зхәыҷқәа ашкол ахь иззымышьҭуа  анхацәа рџьыба? Анхаҩы сакьк араса ҭины сакьк ачашыла ааихәоит", — лҳәеит лара.

Ныгәзар Ашәба - Sputnik Аҧсны
Ныгәзар Ашәба: атәылауаа рыбзазараҿы аиӷьхара ҳәа акгьы рныруам

Астадион "Динамо" аҟны жьҭаара 21 рзы имҩаԥысраны иҟоуп аполитикатә партиа "Амцахара" афбатәи аизара ду. Аизара азкхоит атәылаҟны иҟоу ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьеи асоциал-економикатә ҭагылазаашьеи.

Аԥсны аоппозициатә мчрақәа реидгыла аԥҵан 2015 шықәса ԥхынгәы 14 рзы. Иара еиднакылоит: аполитикатә партиа "Амцахара" (анапхгаҩы — Алхас Кәыҵниа), асоциал-економикатә аполитикатәи ҭҵаарақәа Рфонд "АԤРА" (апрезидент – Аслан Бжьаниа), ауаажәларратә еиҿкаара "Аҳәса аполитикаҟны" (анапхгаҩы – Ирина Агрԥҳа), ауаажәларратә еиҿкаара "Абзанхара" (анапхгаҩы – Ныгәзар Ашәба).

Ажәабжьқәа зегьы
0