Занҭариа: шықәсык ала атәыла анапхгара рылшамҭақәа маҷӡам

© Sputnik Бадрак АвидзбаМитинг в поддержку Хаджимба
Митинг в поддержку Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла Ахада идгылаҩцәа еизеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа.

АҞӘА, жьҭаара 21 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Шықәсык ала атәыла анапхгара ирылдыршаз ыҟоуп иҳәеит атәыла Ахада иабжьагаҩ Владимир Занҭариа.

Ақәҿиарақәа рахь Владимир Занҭариа иаҵеиркит аекономикеи, акультуреи, аҵареи рҟны аиҭакрақәа, афинанстә дисциплина арӷәӷәара. Занҭариа иара убасгьы иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра анапхгарахь аҿар шадрыԥхьало.

Аҟәа Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа еизеит атәыла Ахада идгылаҩцәа

Иара убри аамҭазы атәылаҟны апроблемақәагьы маҷымкәа иҟоуп иҳәеит иара, арахь иаҵанакуеит атәылауаа рзинқәа рыхьчареи акриминогентә ҭагылазаашьеи.

"Шықәсык аҩныҵҟа иҟаҵоу маҷӡам, иара убри аан аус ахьаауша ахырхарҭақәагьы рацәоуп. Иахьатәи атәыла анапхгара гәҭакны ирымоуп аҭагылазаашьа еиҳа хра аманы аҟаҵара", — иҳәеит иара.

Владимир Занҭариа еизаз азхьеирԥшит атәылаҟны ауадаҩрақәа иҟоу атәыла анапхгара ишырдыруа, рырҽеирагьы ишазыхиоу. Анапхгара реиҭакразы аоппозициа иҟанаҵо ааԥхьарақәа атәыла аҿиара иаԥырхагоуп иҳәеит иара.

Атәыла Ахада иабжьагаҩ инаҵшьны иазгәеиҭеит ареспубликатә биуџьет аизырҳара зыбзоуроу иахьатәи анапхгара шракәу.

Атәыла Ахада идгылараз амитинг еиҿкаан аполитикатә партиа "Амцахара" аизара ду аҭакс.

Ажәабжьқәа зегьы
0