Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи реибашьцәа-инвалидцәа аус еицырулоит

© Sputnik Дина ГассиеваПрезидент фонда защиты раненых Мадина Плиева.
Президент фонда защиты раненых Мадина Плиева. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Уаԥстәыла ахәцәа рыхьчара Афонд апрезидент Мадина Плиева иазгәалҭеит аиқәшаҳаҭра ишазыԥхьагәанаҭо аԥсуа коллегацәеи дареи еиҳарак агуманитартә усхк аҟны русеицура.

АҞӘА, жьҭаара 27, Sputnik. Аԥсны  жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рфонди Аахыҵ Уаԥстәыла ахәцәа рыхьчара Афонди рнапы аҵарыҩраны иҟоуп аусеицуразы аиқәшаҳаҭра ҳәа азыналыцҳаит  Sputnik Южная Осетия  афонд апрезидент Мадина Плиева.

"Аиқәшаҳаҭра еиҳарак иазыԥхьагәанаҭоит агуманитартә усхк аҟны аусеицура.  Аԥсуа ган  ацхыраара ҳарҭалоит ҳахәцәа апротезқәа рзыҟаҵараҟны. Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны  аинвалидцәеи, иҭахаз рыхшареи  ирылшоит ԥсшьара ҳәа аиашьаратә республикахь анеира", — лҳәеит Мадина Плиева.

Аахыҵ Уаԥстәылатәи афонд апрезидент иара убасгьы иазгәалҭеит адокумент егьырҭ аусхкқәа рҟынгьы аусеицура шазыԥхьагәанаҭо.

Плиева илҳәеит иара убасгьы иаарласны Аиқәшаҳаҭра апунктқәа Аахыҵ Уаԥстәыла Апрезидент  иширдырхо.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рфонд аԥгаԥсатә шәарақәа мҩаԥыргоит  аҳәынҭқарратә унитартә наплакқәа – абизнес знапы алаку, иара убасгьы  хаҭалатәи аиҿкаарақәеи  ахатәхаҿытә наплакыҩцәеи. Аиурист хаҿқәа квартал-цыԥхьаӡа ируалуп аҳасабырбақәа рцәыргара —  Афонд ахь рлаглақәа рзы.  Аҳасабырба азмырхиазар, афонд ашәахтә органқәа рахь адырра ҟанаҵоит.

Рыхәра иахҟьаны иинвалидцәахаз рыхьчаразы Афонд аԥҵан Цхинвал ақалақь аҟны 2005 шықәса рзы. Афонд ацхыраара рнаҭахьеит шәҩыла ауаа ргәабзиара аиҭашьақәыргылараҿы, ареабилитациа рахыжьраҿы, апротезқәа рзыҟаҵараҿы. Афонд иалахәуп 200-ҩык. Раԥхьа иргыланы ацхыраара рырҭоит  ихьамҭоу ахәрақәа змоу аинвалидцәа.


Ажәабжьқәа зегьы
0