Аинфаркт иаԥхьанеиуа аҭагылазаашьа аазырԥшуа аппарат ҿыц роуит Аԥсны

Анапаҵаҩра
Аексперементалтә патологиеи атерапиеи рзы Аҭҵаарадырратә институт аҟны аппарат ҿыц роуит.

АҞӘА, абҵара 12 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аексперементалтә патологиеи атерапиеи рзы Аҭҵаарадырратә институт аҟны ироуит ашьажәпара аилкаара алзыршо аппараттә комплекс ҿыц. Абри атәы ҳзаалыцҳаит Аексперементалтә патологиеи атерапиеи рзы Аҭҵаарадырратә институт абиохимиатә ҭҵаарақәа рзы алабораториа  аиҳабы, ареолог Лариса Аҳәԥҳа.

Амедицина аҩаӡара бзиа ахьамоу атәылақәа рҟны ашьа ареологиатә ҟазшьа змоу анализ егьырҭ анализқәа инарываргыланы згәаҭара аҭахны иҟоу процедураны ишьоуп лҳәеит Лариса Аҳәԥҳа.

"ЕАШ, Германиа, Израиль, Швеицариа реиԥш иҟоу атәылақәа рҟны ареологиатә ҟазшьа змоу анализ егьырҭ анализқәа инарываргыланы згәаҭара аҭахны иҟоу процедураны, ихымԥадатәины ишьоуп ауаҩы астационар ахь даннеиуа", — лҳәеит лара.

Ари аҭҵаара ацхраауеит аинфарктԥхьатәии адаблаԥхьатәии ҭагылазаашьа аилкаара, заанаҵы иахәҭаны иҟоу ауснагӡатәқәа алнаршоит лҳәоит аҵарауаҩ. Лара лажәақәа рыла Урыстәылагьы арҭ рҩызцәа анализқәа ахьыҟарҵо амедицинатә центр дуқәа рҟноуп.

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт 90 шықәса ахыҵит

"Израиль, ахәышәтәырҭахь инанагаз ауаҩы игәабзиара шҭырҵаауа уахәаԥшуазар иубоит азеиԥш схемаҟны ашьа азеиԥш ҭҵаареиԥш ареологиагьы шыҟоу. Ҳара ҳҟны ареспублика анҭыҵгьы асеиԥш иҟоу анализ еснагь иузыҟаҵом", — ҳәа азгәалҭеит Аҳәԥҳа.

Уажәы аԥсуа ҳақьымцәа ашьа аныҟәашьа аҭагылазаашьа иԥиоу арбагақәа рылоуп ишҭырҵаауа. Ари иаруадаҩуеит ачымазара ахьанҭара аилкаареиԥш  конкретла ахәышәтәрагьы. Иаахәоу аппарат ҿыц иалнаршоит  ашьа ададуқәеи адассақәеи ишырҭаныҟәоу иныҭкааны арбара.

Ажәабжьқәа зегьы
0