Sputnik Аԥсны ихацнаркит апоезиа аларҵәара иазку апроект

© Sputnik / Алексей Даничев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПавильон международного информационного бренда "Спутник". Архивное фото.
Павильон международного информационного бренда Спутник. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны ихацнаркуеит апоезиа аларҵәара иазку апроект Sputnik.Аԥхьарақәа.

АҞӘА, абҵара 18, Sputnik апресс-маҵзура. Жәларбжьаратәи аинформациатә агентреи арадиои Sputnik Аԥсны апортал аҟны аԥсышәалеи урысшәалеи аусура иалагеит апоезиа аларҵәара иазку апроект Sputnik.Аԥхьарақәа, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны еицырдыруа аԥсуа политикцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, аспортсменцәа, амузыкантцәа иналукааша аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа ирыԥхьоит. Sputnik Аԥсны аестафета аднакылеит Sputnik Молдова аҟынтәи. Апроект хациркит Sputnik Аԥсны анапхгаҩы Инал Лазба. Иара даԥхьеит еицырдыруа аԥсуа поет Таиф Аџьба иажәеинраала "Амра ссируп аҭашәамҭаз".

Таиф Аџьба имшира Аҟәатәи абиблиотека аҟны иазгәарҭеит

"Аинформациатә портал Sputnik Аԥсны аҟны дарбанызаалак илшоит иԥшаарц ииҭаху, зинтерес имоу аинформациа аԥшаара. Ҳара аҵак ду аҳҭоит аԥсуа бызшәа аҿиара, амилаҭтә литература аларҵәара иара Аԥснеиԥш аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҟынгьы. Ҳара ҳақәгәыӷуеит апроект Sputnik. Аԥхьарақәа рхы аладырхәып ҳәа атәылаҟны ҳресурс иаԥхьо зегьы" — иҳәеит Инал Лазба. Иара убасгьы иазгәеиҭеит апроект ишадгыло адунеи атәылақәа жәпакы рҟны иҟоу Sputnik амультимедиатә редакциақәа. "Аригьы аҽазнык ишьақәнарӷәӷәоит Sputnik аусура апринцип хадақәа ишыруаку еиуеиԥшым атәылақәеи ажәларқәеи рбызшәеи ркультуреи ҳаҭыр ақәҵара" — иҳәеит Лазба.

Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны апоезиатә естафета хықәкыс иамоуп ауаа ԥшшәырацәала еилаԥсоу абри адунеи аҟны реизааигәатәра. Убри азы ахархәара арҭоит адунеи зегь азы аҵакы змоу амалқәа – абзиабара, аԥсҭазаара, аԥшӡара зҵазкуа, иналукааша апоезиатә рҿиамҭақәа рыԥхьара. Апроект хацнаркит Sputnik Кыргызсҭан, 2015 шықәса хәажәкырамзазы. Иара рхы аладырхәит атәыла аҳәынҭқарратә мчра ахаҭарнакцәа, аҟазара аусзуҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа. 2015 шықәса нанҳәамзазы апоезиатә естафета Sputnik. Аԥхьарақәа ииасит Sputnik Молдова ахь. Уаҟа иара рҽаладырхәит жәлар рартист Константин Москович, ареспублика аҟазара арҿиаҩы Иури Хармелин, Ареспублика Молдова Аславиантә университет аректор Татиана Млечко, Гагаузиа ахада Ирина Влах.

Sputnik (sputniknews.com) – жәабала атәылақәа рыҟны иҟоу ажәабжьтә агентра, амультимедиитә информациатә хабқәа зманы иҟоу арадио. Sputnik ахь иаҵанакуеит 30 рҟынӡа асаитқәа, аналогтәи ацифратәи радиодырраҭарақәа, амобилтә цҵақәеи асоциалтә ҳақәа рыҟны адаҟьақәа. Ажәабжьқәа уахи-ҽни иҭыҵуеит англыз, араб, аиспан, акитаи бызшәақәа рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0