Казбек Иахагоев: ҳкомандир Салим Варитлов еснагь ҳаԥхьа дгылан

© Фото : группа в Facebook "Памяти павших за Родину"Нхыҵ Кавказнтәи хатә гәаԥхарала иааз. 1993 ш.
Нхыҵ Кавказнтәи хатә гәаԥхарала иааз. 1993 ш. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Иҭыхым аибашьцәа" апроект иацнаҵоит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла, Леон иорден занашьоу Салим Варитлов иҭоурых.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа иҭыхымҭақәа 60 ирныԥшуеит Аԥсны ахьчаҩцәа рҟазшьа, рыҩныҵҟатә ҭагылазаашьа. Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны апроект ҿыц "Иҭыхым аибашьцәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны апортал аресурсқәа рҟны ицәыргоуп асахьаҭыхҩы аибашьраантәи иҭыхымҭақәеи уи ифырхацәа ирызку аочеркқәеи.

Салим Варитлов диит, иагьизҳаит Ҟабарда-Балкариа, Шалушки ақыҭаҟны. Салим Аԥсны ахьчара иаауаз раԥхьатәиқәа дрылан.

Зегь гәцаразкуаз акомандир

Салим Варитлов Ҟабарда-Балкариантәи хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз раԥхьатәи агәыԥ командирс дыҟан.

Ари агәыԥ иалан агәымшәацәа – Артур Алоев, Сулҭан Алакаев, Аслан Атабаев, Адам Хамитов уҳәа егьырҭгьы.

"Еснагь аччаԥшь рҿықәын, иаартын, ифырхацәан. Дасу ихатәы планқәа иман иԥсҭазаараҿы, аха аԥсуа жәлар ррыцҳара урҭ зегь абырсааҭк ихнарбгалеит", абас лыҩуан агазеҭ "Бзыбь" аҟны 1993 шықәса лаҵарамза 5 рзы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет адоцент Емма Анқәабԥҳа.

Аотриад алахәылацәа ражәақәа рыла Салим Варитлов инапаҵаҟа иҟаз ауаа ҷыдала дрыхӡыӡон, аҭакԥхықәра иманы ихы ишьон. Аџьа абзиабареи ахӡырымгареи илан. Аибашьцәа гәцареикуан. Зегь раасҭа ихы еиҵатәны дазхәыцуан.

© Руслан ГаблияСалим Варитлов
Салим Варитлов - Sputnik Аҧсны
Салим Варитлов

"Салими сареи Аԥсны ҳаибадырит. Аибашьраҟны зегьы еишьцәак реиԥш ҳаизыҟан. Закәанла акомандир ҳкоординациа гәеиҭаларц азы, маҷк шьҭахьҟа дыҟазароуп, аха иара еснагь ҳаԥхьа дгылан. Ишьҭанеиуаз иҿырԥшы дирбон", — иҳәеит Варитлов ицеибашьуаз Казбек Иахагоев.

Арсен Гуков (арымарахь ала ахԥатәи). - Sputnik Аҧсны
Джульетта Гукова: ҳара иҳаздырӡомызт Арсен Аԥсныҟа еибашьра дышцаз

Актәи ҟабардатәи аотриад арратә операциақәа зегьы: Гагра, Цандрыԥшь, Гьечрыԥшь рхақәиҭтәраан, Аҟәа, Шрома, Очамчыра араион рҟны ажәыларақәа раан, иара убасгьы ажьырныҳәатәии хәажәкыратәии ажәыларақәа раан агәымшәареи афырхаҵареи аадырԥшуан.

"Иахьа арратә ҽазыҟаҵарақәа ҳарҿуп. Аҷкәынцәа лассы Кавказ жәлар Рконфедерациа аҳҭнықалақь Аҟәа анеира иаргәаҟуеит. Нас аибашьра, аԥшыхәратә операциақәа. Аҷкәынцәа рхаҿқәа лашоит аоперациақәа маншәаланы ианеилго. Арҭ аибашьцәа гәымшәақәа санрыҿцәажәо срызхәыцуеит дара зааӡаз анацәа", иҳәон Салим Варитлов Мамзышьха иҭахаз Нургали Канукови Ибрагим Науржанови игәаларшәо.

Салим Варитлов напхгара зиҭоз аотриад Аԥсны рмиссиа қәҿиарала инарыгӡон.

"Иара иеибашьцәа даара игәцареикуан. Муаед Шоров игәыԥ Ахбиук рнапахьы ианаарга ашьҭахь Салим Варитлов игәыԥ иарҭеит. Ҩымчыбжьа рҟынӡа аҳаракыра рыхьчон. Ақырҭцәа ржәыларақәа хәба рҟынӡа аԥдырҟәҟәааит", — иҳәоит аибашьра аветеран Анзор Шоров.

© Архивное фотоСалим Варитлов (актәи ариад арымарантә арыӷьарахь аԥшьбатәи).
Салим Варитлов (первый ряд, четвертый слева направо) - Sputnik Аҧсны
Салим Варитлов (актәи ариад арымарантә арыӷьарахь аԥшьбатәи).

Актәи ҟабардатәи аотриад алахәын Аԥсны аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра, нас Аԥсны зегьы ахақәиҭтәра.

1992-1993шш. рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны актәи ҟабардатәи аотриад акомандир Салим Варитлов ианашьоуп Леон иорден. Салим Варитлов иԥсҭазаара далҵит 2015 шықәса абҵарамзазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0