Џьелиа Драндатәи аизолиатор аиҳабыс дахьыҟаз аҟнытә ихы дақәиҭтәуп

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбахҭа. Архивтә фото.
Абахҭа. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаԥшьба Руслан Џьелиа ашьаусҭҵааратә изолиатор "Дранда" аиҳабыс дахьыҟаз аҟнытә ихы дақәиҭитәит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 — Sputnik. Амилициа аполковник Ҭемыр Шикирба ашьаусҭҵааратә изолиатор "Дранда" аиҳабы инапынҵақәа неигӡоит. Абри аганахьала Адҵа инапы аҵеиҩит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаԥшьба, ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Адҵа инақәыршәаны ашьаусҭҵааратә изолиатор "Дранда" аиҳабыс дахьыҟаз аҟнытә ихы дақәиҭитәуп Руслан Џьелиа, амаҵзуратә гәаҭарақәа мҩаԥысуанаҵы.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Драндатәи абахҭаҟынтә ибналаз ацәгьауаҩ даанкылоуп

Апресс-маҵзура иаанацҳауеит ацәгьауаҩы даныбналоз иҷаԥшьоз аусзуҩцәеи ашьаусҭҵааратә изолиатор анапхгареи рганахьала амаҵзуратә гәаҭарақәа мҩаԥысуеит ҳәа.

Ԥхынҷкәын 10 рзы арантәи дыбналеит Қырҭтәыла атәылауаҩ Бачуки Латариа.

Иара ашьауӷа ихигон Гал араион аҟны ауаҩы дахьиӷьычыз инамаданы.

Уаанӡа, ԥхынҷкәын 7 рзы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаԥшьба Драндатәи аизолиатор даҭаахьан амаҵзуратә хылаԥшра аҳәаақәа ирҭагӡаны. Абри аан иара иазгәеиҭеит ара иҟаз агхақәа, ахыбра ахаҭа аремонт аҭахны ишыҟоу иара убасгьы аиҳабы абжьагарақәа иҭан еиҳа еиӷьны аусура ашьақәыргыларазы. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Ажәабжьқәа зегьы
0