Арӡынба изкны ахырқәшаратә иубилеитә хәылԥазы мҩаԥысит Бзыԥҭа

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаВ. Арӡынба изкыз ахәылԥаз Гагра.
В. Арӡынба изкыз ахәылԥаз Гагра. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба 70 шықәса ихыҵра иазкыз ахырқәшаратә иубилеитә хәылԥазы мҩаԥысит Бзыԥҭа.

ГАГРА, ԥхынҷкәын 15 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. 2015 шықәса Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба ишықәсны иазԥхьаӡан. Сынтәа иара ихыҵит 70 шықәса. Ари аиубилеитә рыцхә инамаданы Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо ашколқәа зегь рҟны имҩаԥган аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа. Ус ԥхынҷкәын 10 рзы Бзыԥҭатәи аҩбатәи абжьаратә школ аҟны имҩаԥысит ахырқәшаратә иубилеитә хәылԥазы.

Ан лымш азгәарҭеит Гагра

Агәалашәаратә иубилеитә усмҩаԥгатә алагаанӡа, иаҭааз зегьы раԥхьа иргыланы имҩахыҵит Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аҵеицәа ргәалашәара ахьӡала ашкол аҟны еиҿкаау Ахьӡ-аԥша амузеи ахь.

Араҟа ицәыргоу зегьы еизгоуп ахәыҷқәа рнапала, иара убас ацхыраара ҟарҵеит иҭахаз аҵеицәа рҭаацәагьы. Амузеи аҿы ицәыргоуп аибашьцәа рымаҭәа, изԥхьоз ашәҟәқәа, иззыӡырҩуаз ашәақәа зныз акассетақәа, ирцәынхаз аҭаҭын, рыхәра иалхыз ахы, аибашьцәа рфотосахьақәа, рыхьӡ зҳәо агазеҭқәа.

Бзыԥҭатәи аҩбатәи абжьаратә школ 30-ҩык аушьҭымҭацәа Аԥсны рхы ақәырҵеит. Иахьа дара рыхьӡқәа рхыуп классцԥхьаӡа.

Анаҩс еизаз зегьы ааԥхьан акттә зал ахь. Аиубилеитә хәылԥазы аартын агимн арҳәарала. Раԥхьа иргыланы ахәаԥшцәа идырбан Владислав Арӡынба изкыз аклип. Уи ианыԥшуан Аԥсны раԥхьатәи Ахада еиуеиԥшым аҭоурыхтә аамҭақәа рзы иҟаҵаз ифото сахьақәеи авидео хроникеи.

Ахәылԥаз иалагӡаны ашколхәыҷқәа ирыԥхьеит Владислав Арӡынба иԥсҭазаареи инаукатәии иполитикатәии рҿиара атәы, уи иаԥхьонаҵы еизаз ирыман алшара архив аҟнытә иаагоу авидеонҵамҭақәа ахәаԥшрагьы. Иара убас ахәыҷқәа инарыгӡеит ҳпатриот ду изкыз ажәеинраалақәеи ашәақәеи.

Владислав Григори-иԥа Арӡынба 70 шықәса ихыҵра иазкыз аиубилеитә хәылԥазы иаҭааз аиҳабыратәи абиԥара рхәыцрақәа хынҳәит Аԥсны ашьаарҵәыра ианҭагылаз амш еиқәаҵәақәа рахь, дара рылаӷырӡ рызнымкыло иргәалашәон ҳажәлар ирхыргаз ахьааи агәырҩеи.

"Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ҳажәлар ирзаанагаз ахьаа ахаан хашҭшьа амам. Шықәсык инеиҳаны, уахи ҽни ҳгәы ҭынчны ҳашьҭамлеит. Иҳаҳарызеишь, иахьа иҭахода ҳәа ҳазхәыцуаз иаамҭамкәа ҳаҽҳражәит. Ҳауа, ҳҭынха, ҳгәылацәа, ҳҩызцәа рҭахара ҳазхымго, зны-зынла ҳахдырра хәашьуазшәа ҳбон. Иахьа ҳгәы ҳарӷәӷәошәа ҳажәбоит, аха лассы-лассы хәыцрала урҭ аамҭа еиқәаҵәақәа рахь ҳхынҳәуеит", — ҳәа азгәарҭон ахәылԥаз иаҭааз, аибашьраан ақәыԥшра аамҭа иҭагылаз.

2015 шықәса иалагӡаны Бзыԥҭатәи аҩбатәи абжьаратә школ аҟны классцԥхьаӡа ессымчыбжьы имҩаԥысуан иаарту аурокқәа, иҭрыжьуан аҭӡы газеҭқәа, ирыҩуан ахҭҳәаақәа. Ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа еиҵагыло абиԥара ирыланааӡоит апатриотизм.

Владислав Арӡынба 70 шықәса ихыҵра Гәлиа иҩны-амузеи аҟны иазгәарҭеит

"Бзыԥҭатәи аҩбатәи абжьаратә школ иурыс школуп, аха араҟа аҵара рҵоит аурысцәа реиԥш аԥсуаагьы, аерманцәагьы, ақырҭцәагьы. Ҳара уалс иҳадын, милаҭ еилых ҟамҵакәа ахәыҷқәа зегьы алархәны абас еиԥш аҭакԥхықәра ду зцу аусмҩаԥгатә аиҿкаара. Аԥсны иқәынхо зегьы ирдырроуп иахьатәи аҭынч ԥсҭазаара ахә шыҳаракыу, уи ишазықәԥоз, рыԥсгьы шахҭнырҵаз иреиӷьыу арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи. Хәыҷи дуи ихьӡ рдырроуп, наунагӡагьы ргәаҿы иаанхароуп ар раԥхьагыла, ахақәиҭра мҩа алазхыз Владислав Григори-иԥа Арӡынба", — лҳәеит ашкол адиректо Виолета Алшәындба.

Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада, Аԥсны Афырхаҵа, аҵарауаҩ, Ахьӡ-аԥша аорден актәи аҩаӡара занашьоу Владислав Григори-иԥа Арӡынба наунагӡа ихьӡ адҳәалазаауеит аԥсуа жәлар риааира ду.

"Хымԥада Владислав Арӡынба 2015 шықәса мацара акәӡам изкыу. Ҳара ҳаиқәырхаҩ ихьӡ абиԥарақәа еимырдалоит. Иахьа аҵара ааӡаратә процесс знапы алаку зегьы раԥхьа иргыланы ахәыҷқәа иӡбахә рарҳәоит, ҳаԥсуа жәлар ахақәиҭра рзаазгаз, ар рԥыза. Агәра згоит, егьа аамҭа ҵыргьы Владислав Арӡынба ихьӡ еиҳа-еиҳа ишалацәажәало, иҵегь еиҳау аҭоурыхтә ҭыԥ шааникыло", — лҳәеит Гагра араион аҵара аҟәша аспециалист хада Валентина Гыцба.

Ажәабжьқәа зегьы
0