Баҭал Кәабахьиа: Аҟәа амш аԥхынраз иазгәарҭарц рыӡбит

© Sputnik Томас ТхайцукБаҭал Кәабахьиа:
Баҭал Кәабахьиа: - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь амш аԥхынраз иазгәарҭарц рыӡбит иара иазкыз акомиссиа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын, 29 – Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа. Аҟәа ақалақь амш аԥхынраз иазгәарҭарц рыӡбит иара иазкыз акомиссиа, ҳәа ҳкорреспондент иеиҳәеит Акультура аминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кәабахьиа.

Жәларбжьаратәи анаукатә-пракитикатә конференциа. - Sputnik Аҧсны
Аҳәынҭқарратә музеи аҟны Аҟәа амш иалацәажәоит

Иара иажәақәа рыла ҩынҩеижәашықәса инарзынаԥшуа абри азҵаара ӡбамкәа иҟоуп.

"Аҩажәатәи ашәышықәса хынҩажәатәи ашықәсқәа рзгьы аҵарауааи аҭоурыхдырыҩцәеи абри амш ашьақәыргылара рыгәҭакын. Аха иара иазкыз аконференциаҟны аимак-аиҿак рацәахеит, избанзар иарбанызаалак арыцхә аҭоурыхтәи археологиатәи ҵаҵӷәы рымазароуп. Ииашаҵәҟьоу арыцхә ашьақәыргылара уадаҩуп", — иҳәеит иара.

Ааигәа Аԥсуа музеи аҟны имҩаԥысыз аконференциаҟны ирыӡбеит асасцәа анырацәоу аамҭа иақәшәо ԥхынымшык азы ақалақь амш азгәарҭарц.

Ақалақь Ахадара иаԥырҵеит акомиссиа, Арда Иналԥҳа напхгаҩыс дызмоу. Урҭ роуп ишьақәзыргылаз аԥхынтәи арыцхә.

Ажәабжьқәа зегьы
0