Ҳаџьымба: ахәыҷы ииразы 50 000 мааҭ рҟынӡа инаӡо аԥхьак аԥҵахоит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥарақәа.
Аԥарақәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба ареспублика аҿар рхаҭарнакцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит ашәахьа, ԥхынҷкәынымза 28 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 29, Sputnik. Аҳәынҭқарра иалшо зегь ҟанаҵалоит аҭаацәара қәыԥшқәа рыдгыларазы. Абри атәы иҳәеит Рауль Ҳаџьымба ареспублика аҿар рхаҭарнакцәа данырԥылоз.

"Иааиуа ашықәс азы ахәыҷы ииразы 50 000 мааҭ рҟынӡа инаӡо аԥхьак аԥҵахоит. Уи ахшара дзауз ан лыцхыраара иазкхоит. Ҳара ҳтәыла хәыҷы азы асеиԥш аԥарагьы абиуџьет акыр иақәыӷәӷәоит. Урыстәыла ан лԥарамал акыр иҳаракызар, ҳара ҳзы 20, 30, 50 нызқьмааҭгьы акыр ирацәоуп" — иҳәеит Ҳаџьымба.

Атәыла Ахада иажәақәа рыла аԥҳәыс лҽырбгаразы азакәан адкыло, аҳәынҭқарра аҭаацәара қәыԥшқәа рсоциалтә проблемақәа аӡблароуп.

Аҿар ақыҭанхамҩа радыԥхьаларазы афинанс цҵақәа аҭахны иҟоуп. Иара иҳәеит абри аганахьала аусурақәа шцо.

"Кындыӷтәи арԥхаранхамҩақәа рҟны аҿар аус руеит, избанзар рџьабаа ахәԥса бзиан иршәоит", — иҳәеит атәыла Ахада.

Иара иҳәеит арахь иааны ишыҟаз малоазиатәи абизнесуаа, урҭ аинвестициатә проектқәа рзы ажәалагалақәа аздырхиараны ишыҟоу.

"Сгәыӷуеит ақыҭанхамҩеиԥш егьырҭ аекономика аусхкқәагьы рышьҭыхра нап шалакхо. Ааигәа китаитәи аделегациа ааны иҟан".

Аҿар аинтерес рыман аусурҭа ҭыԥқәа рыҟазаара, еиуеиԥшым аҷыдарақәа змоу ахәыҷқәа рыдгылара, аԥсуа бызшәеи аҿар апатриотизм рылааӡареи уҳәа рызҵаарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0