Аҿар ражәеинраалақәа знылаз ашәҟәы "Аӡаӡа арыцқәа" аӡыргара мҩаԥысит

© Sputnik Асида КвицинияАшәҟәы "Аӡаӡа арыцқәа" аӡыргара.
Ашәҟәы Аӡаӡа арыцқәа аӡыргара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурнал "Алашара" аредакциа аҟны имҩаԥысит апоет ҿарацәа рҩымҭақәа еидызкыло ашәҟәы "Аӡаӡа арыцқәа" аӡыргара.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 — Sputnik, Асида Кәыцниаԥҳа. Апоет ҿарацәа аҵыхәтәантәи аамҭазы иаԥырҵаз аҩамҭақәа реизга "Аӡаӡа арыцқәа" аӡыргара мҩаԥысит алитературатә журнал "Алашара" аредакциа аҟны, аҩаша ԥхынҷкәын 29 рзы.

"Ари аизга иануп аԥсуа литература иааҵагылаз апоет ҿарацәа жәҩык рҩымҭақәа. Ашәҟәы иану арҿиамҭақәа реиҳарак ажурнал "Алашара" ианылахьоу роуп", — иҳәеит аизга аредактор, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.

"Ари еиԥш иҟоу ашәҟәы бзиа аиқәыршәареи аҭыжьреи сҩызцәеи сареи ҳгәы иҭеижьҭеи акыр ҵуан, избанзар, ҳлитература уаҵәтәи аԥеиԥш уаназхәыцуа, уаҵә игылараны иҟоу аҿар рҩымҭақәа ааидкыланы уанрыхәаԥшуа, иаразнак агәра угоит, ари еиԥш иҟоу ашәҟәы бзиа ҳаԥхьҩцәа рнапаҿы инаган ирымазар шыбзиахо", — иҳәеит Лагәлаа.

Ажурнал "Алашара" апремиақәа ранашьара мҩаԥысит

Уи иазгәеиҭеит, ашәҟәы аҭыжьраҿ имаҷымкәа аџьабаа шырбаз уи аиқәыршәаҩцәа, Елеонора Коӷониаԥҳаи Дмитри Габелиеи.

"Ашәҟәы аҭыжьраз ҳагәҭакы Аҿар рполитиказы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы Алиас Аҩӡба ианиаҳҳәа, уи даара гәахәарыла идикылеит иагьиҳәеит, шәара ус еиԥш иҟоу ашәҟәы анеиқәшәыршәа, ҳара аҭыжьра ҳадгылоит, ҳәа. Ас еиԥш аилибакаара анҳау, ари ашәҟәы аҭыжьра ҳалагеит. Ашәҟәы иану ажәеинраалақәеи,ажәабжьқәеи сара сзы иҿыцӡамызт, избанзар, урҭ рӷьырак ажурнал "Алашара" ианаҳҵахьан", — азгәеиҭеит уи.

Аизга аредактор иажәақәа рыла, ашәҟәы "Аӡаӡа арыцқәа" аԥхьаҩцәа ҳамҭаны ирзыҟалоит ҳазҭало ашықәс ҿыц аламҭалаз. 

"Аҿар рполитиказы аҳәынҭқарратә еилакы аус ауеижьҭеи, ари аԥшьбатәи шәҟәуп зҭыжьра ҳадгылаз. Угәы иаамыхәарц залшом, абраҟа авторцәа ҿарацәа рџьабаа зныԥшуа ашәҟәы аҭыжьра ахьҳалшаз. Агәра ганы сыҟоуп, ас еиԥш иҟоу апроектқәа адгылара шраҳҭало. Аҩра знапы алаку аҿар ианаамҭоу адгылара рыҭара акраҵанакуеит", — иҳәеит Аҿар рполитиказы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы Алиас Аҩӡба.

Ажәеинраалақәа реизга "Аӡаӡа арыцқәа" аӡыргара рхы аладырхәит апоетцәа, ашәҟәыҩҩцәа, ашәҟәы ианылаз аҩымҭақәа аԥызҵаз авторцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0