Аԥсны иргылоуп Андреи Удальцов игәалашәара иазку абаҟа

© Sputnik Роберт ДжопуаАбаҟа аартра. Аҭыԥантәи афото.
Абаҟа аартра. Аҭыԥантәи афото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҳәаахьчаратә арратә хәҭа аусзуҩ, ҵыԥх иеибашьратә дҵа анынаигӡоз иҭахаз Андреи Удальцов игәалашәара ахаан измырӡуа абаҟа ргылан Гал араион.

АҞӘА, хәажәкыра 12 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Амемориалтә баҟа ргылоуп апрапоршьик Андреи Удальцов изы, шықәсык аԥхьа иҭахаз. Уи Гал араион Урыстәыла аҳәаахьчаратә арратә хәҭақәа рыуак аҿоуп иахьдыргылаз.

Агәаларшәагатә усмаҩаԥгатә аҿы Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҳәаахьчаратә арратә хәҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Вадим Васильев иазгәеҭеит, Удальцов аҵыхәтәанынӡа ирратә уалԥшьа дшахьамҵыз. 

"Иара дыздыруаз зегьы ирҳәарц рылшоит зеиԥшыҟам уаҩыс дшыҟаз, дышхантәаҩы бзиаз, дышҩыза бзиаз. Апрапоршьик Андреи Удальцов иԥсҭазаара даара икьаҿын, аха уи акыр ибеиан иԥшӡан. Иара аҵыхәтәанынӡа ирратә уалԥшьа дацәхьамҵит", — иҳәеит Васильев.

Иҭахаз аус ицызуаз Сергеи Ермилов игәалашәараҿы дынхоит ҩыза гәакьак зҭаацәара бзиа избоз аӡәык иеиԥш.

"Андреи зус даараӡа ибзианы издыруаз дыруаӡәкын, ачҳара иман, аӡәы акы иҭаххар дидгылон, зегьы дырзыӡырҩуан, ацхыраара риҭон, иахьилшоз акы дацәхьаҵуамызт. Иара иԥшәмеи ихәыҷқәеи даара бзиа ибон. Ҳара ҳагәқәа рҿы уи игәалашәара наунагӡа инхоит", — ҳәа азгәеиҭеит Ермилов.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҳәаахьчаратә арратә хәҭа аусзуҩ Андреи Удальцови, иара убас Атерроризм аҿагылара ацентр аҿы зуалԥшьа назыгӡоз Едуард Нерсесиани ҭахеит ажьырныҳәа 12, Гал араион Риаԥ ақыҭан араионтә аҩныцҟатә усқәа рзы ахәҭа аусзуҩцәеи дареи еицымҩаԥыргоз аусмҩаԥгатә ааны.

© Sputnik Роберт ДжопуаПамятная плита Андрею Удальцову на российской погранзаставе.
Памятная плита Андрею Удальцову на российской погранзаставе. - Sputnik Аҧсны
Памятная плита Андрею Удальцову на российской погранзаставе.

Аԥсны ахада идҵала аподполковник Едуард Нерсесиан иԥсрашьҭахь ианашьоуп Леон иорден, Андреи Удальцов ианашьоуп Ахаҵараз амедал.

Урыстәыла Афедерациа ахада идҵала иуалԥшьа анынаигӡоз, иааирԥшыз ахаҵареи агәымшәареи рзы апрапоршьик еиҳабы Андреи Удальцов иԥсрашьҭахь ианашьоуп Ахаҵараз аорден.


Ажәабжьқәа зегьы
0