Аботаникатә баҳчаҿ игыло Кавказтәи аҭәаҵла асоура аԥырхагамхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукКавказтәи аҭәаҵла Аботаникатә баҳчаҿы.
Кавказтәи аҭәаҵла Аботаникатә баҳчаҿы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи Аботаникатә баҳча ауникалтә ҵиаақәа рколлекциа илеиз асы рԥырхагамхеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 13 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аҟәатәи Аботаникатә баҳча ауникалтә ҵиаақәа рколлекциа илеиз асы рԥырхагамхеит. Абаҳча аусзуҩцәа оперативла имҩаԥыргеит иахәҭан иҟаз ауснагӡатәқәа, ҳәа ҳзеиҭеиҳәеит Аботаника аинститут адиректор Едуард Гәбаз.

Раԥхьа иргыланы аҵлақәа асы рықәхтәын, иҳәеит ахьчаҩ еиҳабы Ҭамаз Кәыҵниа.

"Аботаникатә баҳчаҟны ирызҳауеит заагареи араҟа занырнаалареи акырӡа иуадаҩыз аҵлақәа, аҵиаақәа. урҭ иҷыдоу ахылаԥшра рҭахны иҟоуп. Асы алеира ишалагаҵәҟьаз абаҳча ахьчаҩцәа аҵлақәа асы рықәыршәшәара иалагеит. Зегьыҵәҟьа ракәымзаргьы иахәҭаны иахьыҟаз аусурақәа мҩаԥыргеит", — иҳәеит иара.

Едуард Гәбаз иаԥшьигаз ауснагӡатәқәа инарықәыршәаны иалыршахеит 350 шықәса зхыҵуа кавказтәи аҭәаҵла аиқәырхара.

"Иҟалап ҳдиректор иҟалаша иныруазар, аха "кавказтәи аҭәаҵла амахәқәа ҿаҳәатәуп, иацхраатәуп" иҳәеит. Ус иагьыҟаҳҵеит. Заа аҭәаҵла амахәқәа ахьеидҿаҳҳәалаз иааннархеит", — иҳәеит Кәыҵниа.

Аинститут адиректор агәра игоит усеиԥш ҟарымҵазҭгьы аҭәаҵла амахәқәа шхыжәжәоз.

Роман Дбар: Аԥсны аԥсабара асоура аҽанырнаалоит

"Хыџьараны атросқәа рыла иҳарӷәӷәеит, амахәқәа аҵла агәыцә иадҿаҳҳәалеит. Анцәа иџьшьаны еиқәхеит", — иҳәеит Едуард Гәбаз.

Илеиз аси уи ашьҭахьтәи ахьшәашәареи абананқәа ааха рырҭеит. Аинститут адиректор иажәақәа рыла дара шьаҭанкыла иҵаԥырҟоит ааԥынразы аҿа ылыргарц азы.

Аԥсны асы лассы-лассы ишымлеиуагьы есышықәса Аботаникатә баҳча аусзуҩцәа заа уи рҽазыҟарҵоит.

"Ҳара иаадыруеит Аԥсны ес 10-12 шықәса асы рацәаны ишлеиуа. Ус шакәугьы ҳара есышықәса ҳаҽҳархиоит. Аԥхарра бзиа избо хааҩоит, егьырҭ аҵыргәақәа раҳҭоит", — иҳәоит Гәбаз.

Ашықәс ҿыц ауыха асы алеира иалагеит. Ажьырныҳәа 3 рзы асы рацәаны иауит. Аметеорологцәа ишырҳәаз ала аҳауагьы акыр ихьшәашәеит. Уи адагьы дара разыԥхьагәаҭарақәа рыла асеиԥш еиҭахгьы иҟалар алшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0