Аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит Аԥсны Жәлар рартист Оҭар Хәынҵариа

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаОҭар Хәынҵариа
Оҭар Хәынҵариа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҽыша ҳтәылауаа абзиараз ҳәа иарҳәеит Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор Оҭар Хәынҵариа.

ГАГРА, ажьырныҳәа 18 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Ачымазара бааԥсы иахҟьаны 59 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор Оҭар Гьаргь-иԥа Хәынҵариа.

Оҭар Хәынҵариа - Sputnik Аҧсны
Октаи Чкотуа: Оҭар Хәынҵариа ибзоураны аԥхьарцаҿы ахәмаршьа сҵеит

"Аҳаҳаи, амарџьақәа шәеиҵамхан! Мышкы ииз, уеизгьы мышкы дыԥсуеит", — абри ашәа арҳәауа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьаз, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Жәлар ринструменталтә оркестр аԥҵаҩи анапхгаҩи, Гагратәи ахәыҷтәы музыкатә театр "Мамзышьха" асахьаркыратә напхгаҩы Оҭар Гьаргь-иԥа Хәынҵариа.

Аԥсы дызҭаз аҭоубыҭ ықәыргылан Пицунда ақалақь акурорттә Еилазаара аконцерттә зал аҟны. Оҭар Гьаргь-иԥа наӡаӡа абзиараз ҳәа иарҳәарц арахь иааит иуацәеи иҭынхацәеи, Аԥсны араионқәа зегь рҟнытә акультура иазааԥсуа арҿиаҩцәа, атәыла анапхгара, Гагра араион ахадара, Нхыҵ-Кавкази Урыстәыла еиуеиԥшым атәылаҿацәқәеи рҟнытә акомпозитор ибзиаӡаны дыздыруаз, аус зциухьаз иҩызцәа, ицеибашьуаз аветеранцәа.

Оҭар Гьаргь-иԥа иԥсыжра аиҿкааразы иаԥҵан аҳәынҭқарратә комиссиа, уи напхгара алҭон акультуреи аҭоурыхтә-культуратә баҟақәа рыхьчаразы аминистр Ельвира Арсалиа.

Акомиссиа алахәцәа ирылдыршеит аԥсуа ҟазара арҿиара зыԥсҭазаара адҳәалаз акомпозитор ишахәҭоу еиԥш иԥсыжра аиҿкаара.

Оҭар Хәынҵариа Аԥсни уи анҭыҵи ибзианы дырдыруан. Убри аҟнытә алахьеиқәҵаратә митинг аҟны ажәа ихызҳәаашаз рацәаҩхеит.

Амитинг аартуа, ауаажәларратә усзуҩ Слава Сақаниа асценахь иааиԥхьон акомпозитор аус ицызухьаз иҩызцәа, еиҵиааӡаз абиԥарақәа рхаҭарнакцәа.

"Даараӡа исцәыуадаҩуп Оҭар Гьаргь-иԥа иеиԥш аҩаӡара ҳаракы змаз ауаҩы ихцәажәара. Апатриотра ду злаз, аԥсуаа ҳабжьы мыӡындаз, ҳбызшәа еиқәхандаз ҳәа ихәыцуаз иакәын. Оҭар Гьаргь-иԥа ҳтәылаҟны еиҿкаау аҟазаратә коллективқәа иԥышәа знымрыц ыҟам. Иџьабаа адуп аҳәынҭқарратә ансамбль "Шьараҭын". Уи анапхгаҩы Едуард Бебиа Оҭар ирҵаҩ иакәын, аха анаҩс Оҭар имузыкала ари ансамбль аҟны иқәдыргыло иалагеит акәашарақәа. Иара убас, Оҭар Хәынҵариа дацхраахьеит Ҟарачы-Черқьессктәи аҳәынҭқарратә ансамбль "Меркури". Убас аԥсуаа ҳжәытә музыкатә инструментқәа еиқәырханы, иӡхьазгьы шьақәыргыланы иаԥиҵеит оркестр. Абраҟа иахьа атәыла аиҳабыра рахь схы нарханы аҳәара ҟасҵоит иҳәынҭқарратә ансамбльны иҟаларц, иаԥызҵаз иаҳаҭыр азгьы Оҭар Хәынҵариа ихьӡ ахҵазарц", — иҳәеит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара Аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Зураб Амаршьан.

Оҭар Хәынҵариа еиҵагыло абиԥара ирылаиааӡон амилаҭтә культура абзиабара, аихаҳара, идирҵон ажәытә музыкатә инструментқәа рырҳәара.

Иара ибзоурала, иахьа уажәраанӡа еиқәханы иҟоуп амилаҭтә инструмент аҿарапын.

"Аҿарпын зқьынтә уҭаҭәҳәаргьы башоуп, аҩнызқьраан ауп абжьы анго. Абас угәы адымԥҵәалакәа, уахи ҽни аус анадуулак алҵшәа аиуоит. Оҭар Хәынҵариа еиҵаиааӡеит имаҷҩымкәа аҿарпынарҳәаҩцәа. Агәра згоит, уи дара ирхадмыршҭым, раамышьҭахь еиҵагыло идыррҵап ҳәа. Оҭар ибзоурала иахьа иҳамоуп ҳазхыҽхәаша аҿар ргмин "Иҭбаауп адунеи". Иара иаԥиҵаз амузыка ауп арҭ ацәаҳәақәа игмнны аҟалара зырнаалаз", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны акомпозиторцәа Рхеилак ахантәаҩы Кәасҭа Ченгьелиа.

Оҭар Хәынҵариа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит.
Оҭар Хәынҵариа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит. - Sputnik Аҧсны
Оҭар Хәынҵариа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит.

Оҭар Хәынҵариа Гагра араион аҟны еиҿкааны иман аестрадатә гәыԥ "Бырфын", ахәыҷтәы музыкатә театр "Мамзышьха". Арҭ аколлективқәа изныкымкәа ҳмилаҭ культура ӡырыргахьан аҳәаанхыҵ.

"Оҭар Хәынҵариеи сареи ҳаибадырит Москва амузыкатә ҵараиурҭаҟны. Хымԥада иаразнак аиҩызара ҳабжьалеит. Уи аамҭазы сашьеиҵбы дсыԥхеит, Оҭар сҭаацәа данырба даараӡа диеиԥшныршьылеит, сыуацәеи сҭынхацәеи еишьцәас шәеибаҟаҵароуп рҳәеит. Уи нахыс иареи сареи еснагь ҳаицын. Сара сыҩны Маиҟәаԥ Оҭар изы ауаҭах алхны иҟан, убасцәҟьа сара сзы иара иҩнаҭаҿгьы. Ҳаҩыџьегьы ҳус ак акәын, адыгеи аԥсуа жәларқәеи ркультура аихаҳара. Сара изныкымкәа Ҟарачы-Черқьессктәи акәашаратә коллективқәа сыманы Аԥсныҟа саахьан, убас Оҭар днеихьан ҳара ҳахь. Оҭар Хәынҵариа напхгара зиҭоз ансамбльқәа рхы рыладырхәон Ҟарачы-Черқьесск имҩаԥысуаз аҟазаратә конкурсқәа. Иааӡамҭацәа ианакәзаалак ирыԥсахон "Гран-При", — ажәахә ҟаҵо игәалаиршәеит Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Амерби Кулов.

Акультуратә еиҭныԥсахлара инамаданы Аԥсныҟа изныкымкәа иаахьан Урыстәылатәи аколлективқәа. Урҭ рнапхгаҩцәеи Оҭар Гьаргь-иԥеи Москва амузыкатә акадеимаҟны аҵара еицырҵон.

Зыхьӡ хара инаҩхьаз акомпозитор иԥсҭазаара дшалҵыз атәы анраҳа, адышшыларатә шәҟәқәа ааит акырџьарантә.

Алахьеиқәҵаратә митинг аҟны Владимиртәи аобласт акультура аҟәша аиҳабы Владимир Криучков иазгәеиҭеит аԥсуа жәлар ацәыӡ ду шроуз.

"Оҭар Хәынҵариа еиԥш иҟаз азанааҭ азҟаза иԥшаара уадаҩуп. Сара ишәабжьазгоит иара иаԥиҵаз зегьы еиқәырханы еихашәҳаларц. Оҭар Гьаргь-иԥа напхгара зиҭоз агәыԥ "Бырфыни", ахәыҷтәы театр "Мамзышьхеи" изныкымкәа иаҭаахьан Владимиртәи аобласт, ақалақь Гусь-Хрустальныи. Дара анықәгылоз ҳара ҳауаажәлар рнапеинҟьабжь еихсыӷьуамыз, гәык ала ирыдыркылон аԥсуа культура. Сара даара игәнызгоит ари атрадициа амч ахьацәыӡуа, аха уеизгьы сгәыӷуеит Оҭар иааԥсара аҳаҭыр азы иҿымцәаап ҳәа", — азгәеиҭеит В. Криучков.

Оҭар Гьаргь-иԥа аҭыжьра иазирхиеит аԥсуа музыкатә инструментқәа рырҵага шәҟәы. Алахьеиқәҵаратә митинг алахәцәа зегьы агәаҳәара аадырԥшит, уи хара имгакәа иҭыжьзарц.

"Зҟазареи зҭоурыхи аҳәынҵәа илыркәаҳахьаз ҳмилаҭ, уи илганы аиҭаҿиара зҽазызкыз дыруаӡәкхеит Оҭар Хәынҵариа. Иара ҳтәалаҿы адагьы акыр аџьабаа ибахьан Ҭырқәтәыла. Аԥсуа диаспора рмилаҭтә культура, ганрацәала иазнеиртә еиԥш алшара риҭахьан. Ҳара ахаан даҳхашҭуам дшарԥыеҵәаны аԥсуа ҟазара иазгылаз Оҭар Гьаргь-иԥа. Имшра шәзынхааит еиазаз зегьы", — иҳәеит Жәлар рырҿиаратә центр аиҳабы Нури Кәарҷиа.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаОҭар Хәынҵариа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит.
Оҭар Хәынҵариа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит. - Sputnik Аҧсны
Оҭар Хәынҵариа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит.

Оҭар Хәынҵариа бзиа деицырбон зегьы.

Алахьеиқәҵаратә митинг аҟны, рыхшара аԥсуа музыкахь абзиабара ахьрылаиааӡаз азы, аҭаацәа рыхьӡала Геннади Ҵәыџьба Оҭар Хәынҵариа иааԥсаразы иҭабуп иҳәеит.

Лӡаа ақыҭауааи аешьареи рыхьӡала Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор Оҭар Хәынҵариа аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьара иалахәыз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит Лӡаа ақыҭа абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Зосим Амԥар.

Оҭар Гьаргь-иԥа Хәынҵариа анышә дамардеит иқыҭа гәакьа Лӡаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0