Нанба: Аԥсны аказначеира мыругала аиқәыршәаразы аиндаҭлара рылаҳәоуп

© Sputnik Томас ТхайцукАфинасқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба.
Афинасқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиндаҭлара иалахәхар рылшоит ахатәхаҿқәа реиԥш аиурист хаҿқәагьы

АҞӘА, ажьырныҳәа 26 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аԥсны аказначеира мыругала аиқәыршәаразы аиндаҭлара рылаҳәоуп. Абри атәы ҳзааицҳаит Афинансқәа рминистр лхаҭыԥуаҩ, Аказначеиратә усбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба.

"Аԥыза-министр иқәҵарала ирылаҳәоуп Аказначеира аусбарҭа техникала аиқәыршәаразы аиндаҭлара", — иҳәеит Нанба.

Аиндаҭлара иалахәхар рылшоит ареспубликаҟны иҭаҩу дарбанызаалак ахатәхаҿы иара убасгьы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рҟны резидентс иҟоу аиурист хаҿқәеи ҳәа ҳаилиркааит Џьансыхә Нанба.

Аиндаҭларахь инагоуп асервертә еиқәыршәара, алокалтә еимадара асистема, асерверқәа еиԥымҟьарада аус дзыруа ахыҵхырҭақәа уҳәа убас егьырҭ амыругақәа рыхкқәа.

Еиҳа инарҭбааны абри атәы аилкаара алшоит Аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит аҟны.

Џьансыхә нанба ишазгәеиҭаз ала аиндаҭлара рылаҳәоуп аҳәынҭқарратә аахәарақәа еиҳа иркканы рымҩаԥгарази абиуџьеттә ԥарақәа рныхра еиҳа хра аманы рыҟаҵарази.

Ажьырныҳәа 26, асааҭ 17:00 рзы инҵәоит арзаҳалқәа рыдкылара аҿҳәара. Аказначеира Аусбарҭа аҭыӡҭыԥ: Лакоба им. 21.

Ажәабжьқәа зегьы
0