Ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы иҟаҵатәу макьана ирацәоуп

© Фото : предоставлено Олегом ПапаскириАзиндырыҩ Олег Папасқьыр.
Азиндырыҩ Олег Папасқьыр. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчра змоу имаҵзура ахыртра иҟоу апроблемақәа аӡыбӡом, иҳәеит азиндырыҩ Олег Папасқьыр

АҞӘА, ажьырныҳәа 27 — Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа. Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчра змоу имаҵзура ахыртра иҟоу апроблемақәа аӡыбӡом, ҳәа ҳкорреспондент илеиҳәеит азиндырыҩ Олег Папасқьыр.

"Ҳара ҳапрактикаҟны аҭыԥ аман абри аҩыза ахҭыс: ҳара ҳахь дааиит зықәра акыр инеихьаз ԥҳәыск лмоҭа лнапы данкны. Лара иаҳзеиҭалҳәеит иусурҭадоу аӡӷаб лани лаби рхы мҽыӷны ишымҩаԥырго. Иҳалҳәеит ацхыраара ахьлоуша џьара лхы ҳархарц. Ҳара ҳәарада иахәҭаз аилазаарақәа рахь дҳашьҭит. Ари аҩыза изныкымкәа иҩынтәымкәа иҟалахьеит, убри азы апроблема еиҳа инарҭбааны иазхәыцтәуп", — иҳәеит иара.

Азиндырыҩ игәаанагарала атәыла анапхгаратә мчрақәа азхьаԥшроуп Аԥсны абикунреи ахылаԥшреи рорганқәа рсистема аҟамзаара.

"Ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы аомбудсмен имаҵура алагалара апроблема аӡыбӡом, абикунреи ахылаԥшреи рорганқәа рсистема аҟамзаараан", — иҳәеит Папасқьыр.

Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба 2015 шықәса ԥхынҷкәын 16 рзы инапы аҵеиҩит Адҵа "Ахәыҷы изинқәа рзы Азинмчра змоу" ҳәа. Ахәыҷы изинқәа рзы Азинмчра змоу имаҵзура аԥҵоуп зықәра намӡац рзинқәеи ринтересқәеи аҳәынҭқарратә хьчара рыҭаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0