Аԥснытәи акоманда "Мои Золотые" апремиер-лига изахымсит

© Sputnik / Денис Гришкин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраШәача ақалақь аҟны имҩаԥысуаз аӡынтәи афестиваль "КиВиН-2016"
Шәача ақалақь аҟны имҩаԥысуаз аӡынтәи афестиваль КиВиН-2016 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афестиваль аихшьаалақәа рыла Аԥснытәи акоманда "Мои Золотые" Шәача ақалақь аҟны имҩаԥысуаз аӡынтәи афестиваль "КиВиН-2016" апремиер-лига изахымсит

АҞӘА, ажьырныҳәа 28 — Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа. Афестиваль аихшьаалақәа рыла Аԥснытәи акоманда "Мои Золотые" Шәача ақалақь аҟны имҩаԥысуаз аӡынтәи афестиваль "КиВиН-2016" апремиер-лига изахымсит, ҳәа ҳаиҳәеит акоманда апродиусер Михаил Гагәылиа.

"Афестиваль аихшьаалақәа рыла Аԥснытәи акоманда "Мои Золотые" Шәача ақалақь аҟны имҩаԥысуаз аӡынтәи афестиваль "КиВиН-2016" апремиер-лига изахымсит, Актәи аканал ахьгьы изнеиуам. Иаразнакы аҩаӡара дуқәа рызнеира марианы иҟам. Ҳара уажәы КВН краснодартәи алига ҳҽалаҳархәуеит. Ҳамчқәа еизакны асезон ҿыц ахацыркра ҳгәиҭоуп", — иҳәеит Гагәылиа.

Иара иажәақәа рыла КВН Жәларбжьаратәи XXVII афестиваль иаанарԥшит аҟыбаҩ ҷыда злоу акомандақәа.

"Ҳара, ҿыц иалаго егьырҭ акомандақәа реиԥш, аамҭа ҳҭахуп. Зегь раасҭа иуадаҩу – аҽазыҟаҵароуп. Шықәсык аҩныҵҟа аматериалқәа еизаагоит ақәгыларазы", — иҳәеит иара.

2016 шықәса ажьырныҳәа 11 рзы, Шәача ақалақь аҟны имҩаԥысит КВН Жәларбжьаратәи XXVII афестиваль аатра. Ҩымчыбжьа рыҩныҵҟа 600 инарзынаԥшуа команда еиндаҭлон. Афестиваль хыркәшахеит ашоу ателехәаԥшратә версиа аҭыхрала.

Ажәабжьқәа зегьы
0