Руслан Хибба зыхә ҳараку ахәышәтәра иҭахуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРуслан Хибба.
Руслан Хибба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аа-шықәса зхыҵуа Руслан Хибба ихәышәтәразы аԥареизгара хацнаркит.

АҞӘА, жәабран 5 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Аа-шықәса зхыҵуа, зцәажәара аҿиара ԥку Руслан Хибба зыхә дуу ахәышәтәра иҭахуп.

"Аҳақьымцәа рахь ҳныҟәон. Дара ишьақәдырӷәӷәеит ахәыҷы иҿиараҿы деиҵахоит ҳәа. Иаҳзылырҩааз ахәшәқәа ҳадаҳкылон. Ичымазара хацыркхеит ҩышықәса анихыҵуаз, аҩны аҩбатәи аихагылаҟынтәи дкаҳаит. Фышықәса анихыҵ игәаҳҭеит иҩызцәа дышрыҵахоз. Уаанӡа дцәажәон, ахәыҷбаҳчахь дныҟәон. Ус иаалырҟьаны ацәажәара даҟәыҵит", — лҳәеит ахәыҷ иан.

Ахәыҷы иҭаацәа ишырҳәаз ала ихәышәтәра иазхаша алшара рыманы иҟам, убри азоуп Афонд ахь ацхырааразы изнеиз.

Афонд аусзуҩ Мактина Џьынџьалԥҳа иҳалҳәеит Москватәи аклиникақәа руаки дареи Руслан хәыҷ ихәышәтәра аганахьала аицәажәарақәа шрымоу. Дышрыдыркыло.

"Еизгатәны иҟоуп 199 200 мааҭ аԥара. Арҭ аԥарақәа амбулатортә хәышәтәра ԥшь-курск рыхә ршәоит. Аҳақьымцәа акыр ҳақәдыргәыӷуеит деиҭашәап ҳәа. Ҳаргьы агәыӷра ҳамоуп игәабзиара шьақәгыланы иҩызцәа дрылагылап ҳәа", — лҳәоит Афонд аусзуҩ.

Иахьазы Руслан зынӡаск дцәажәаӡом, ижәар зынӡа имаҷуп. Ичымазара инаҭом алшара иҷыдоу ашкол ахь аныҟәаразгьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0