Адепутатцәа ықәзыргыло агәыԥқәа рҭаҩра хыркәшахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукИзбирательная урна
Избирательная урна - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адепутатцәа ықәзыргыло агәыԥқәа рҭаҩра хыркәшахеит, Аҟәатәи ақалақьтә еизарахь депутатс иқәыргылоуп 85-ҩык акандидатцәа, лҳәеит Аҟәатәи алхратә комиссиа амаӡаныҟәгаҩ Мадонна Кәыҵниаԥҳа.

АҞӘА, хәажәкыра 14 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Амҽыша, хәажәкыра 13 рзы адепутатцәа ықәзыргыло агәыԥқәа рҭаҩра хыркәшахеит. Аҟәатәи ақалақьтә еизарахь депутатс иқәыргылоуп 85-ҩык акандидатцәа, лҳәеит Аҟәатәи алхратә комиссиа амаӡаныҟәгаҩ Мадонна Кәыҵниаԥҳа.

Лара лажәақәа рыла Ареспубликатә Унитартә Наплакы “Аҧснытәи аихамҩа” кандидатк дықәнаргылеит, Ареспубликатә Аполитикатә Партиа “Аҧсны Акзаара” – 12 кандидат, иаанхаз – 72 кандидат – ахабжьгаратә гәыҧқәа рыла иқәыргылоуп. Ақалақьтә Еизара аҿы 26 ҭыҧ иашьҭазаауеит 85 кандидатцәас иҟалар зылшо.

“Акандидатцәа рхыԥхьаӡара маҷым, 2011 шықәса рзы 90 кандидат шықәгылазгьы. Иҟоуп аокругқәа зыҟны быжьҩык акандидатцәа ықәгыло, иара убри аамҭазы аокругқәа хԥа рҟны аӡәа-ӡәа ықәгылоуп”, – ҳәа азгәалҭеит Мадонна Кәыҵниаҧҳа.

Иқәыргылоу акандидатцәа рхыҧхьаӡра аҿы иҟоуп – аруаа, арҵаҩцәа, анаплакыҩцәа, ажурналистцәа, амашьынарныҟәцаҩцәа, уажәтәи ааҧхьара адепутатцәа. Акандидатцәа иреиҳабу 62 шықәса дырҭысхьеит, зегьы иреиҵбу – 25 шықәса ихыҵуеит. Иқәгылоу адепутатрахь акандидатцәа рыбжьара 15-ҩык ҳәсақәоуп.

Алхырҭатә ҭыҧқәа зегьы рҿы инықәырҧшшәа иуҳәозар, алхыҩцәа рхыҧхьаӡара еиҟароуп – 1 500 инаркны 1 700-ҩык рҟынӡа.

"Алхратә округқәа адепутатрахь акандидат дҭарыҩуеит иара аусура шилшо, анаркодиспансери аԥсихоневрологиатә диспансери рҟны дышҭаҩым, дышҭарымкыц анеилкаахалак ашьҭахь", — лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

Кәыҵниаԥҳа лажәақәа рыла акандидатцәа рхала ирыӡбоит иарбан округу рхы ахьықәдыргыло.

Аизарахь акандидат иалхразы иахәҭаны иҟоуп хәҩык иреиҵамкәа злахәу аԥшьгаратә гәыԥ аԥҵара. Иарбоу агәыԥ алхратә еилакы аҟны ашәҟәҭаҩра иахрыжьуеит.

Алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2016 шықәса мшаԥымза 3 рзы. Аҟәа иаԥҵахоит 26 алхратә округ.

Алхрақәа мҩаԥысраны иҟан 2016 шықәса жәабранмзазы, аха Рауль Ҳаџьымба иажәалагалала мшаԥымзахь ииаган. Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә округқәа рахь аҵыхәтәантәи алхрақәа мҩаԥысит 2011 шықәса жәабран 12 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0