Николь Џьинџьолиа лыхәшәтәра иацҵатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукНиколь Џьинџьолиа.
Николь Џьинџьолиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Николь Џьинџьолиа лыхәышәтәра иацҵатәуп. Уи азы еизгатәуп 820 000 мааҭ.

АҞӘА, хәажәкыра 31 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Николь Џьинџьолиа лыхәышәтәра иацҵатәуп. Уи азы еизгатәуп 820 000 мааҭ, ҳәа ҳалҳәеит акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аусзуҩ Мактина Џьынџьалԥҳа.

Мактина лажәақәа рыла Николь аҽыхәышәтәра акурсқәа хԥа дырхысхьеит.

"Аԥшьбатәи акурс иахыстәуп. Лара лгәабзиара аиӷьхара иаҿуп. Лхала, ԥынҵала лыԥсыԥ лалга-ҩалгоит. Есыҽны аингалиациеи афизиотерапиеи ҟаҳҵоит. Урҭгьы рылҵшәақәа ыҟоуп", — лҳәоит Николь лан Хаҭуна.

Николь ажәеинраалақәа лыҩуеит. Урҭ руак ҳҭыхырҭатә гәыԥ дырзаԥхьеит.

"Николь ашәа лҳәоит, аԥсуа кәашарақәа рахь дныҟәоит. Лыԥсҭазаара абжа аҳақьымцәеи ахәышәтәырҭақәеи ирыдҳәалоуп", — лҳәоит ан.

Муковисцидоз ахәышәтәразы иахьазы рхы иадырхәоит акомплекстә терапиа. Акызаҵәык иара амҩаԥгара еиԥырҟьалатәым.

Николь лҽылхәышәтәуеит Тель-Авив, Израиль иҟоу Амедицинатә центр Топ Ихилов (TOP Experts clinik) аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0