Ачемпионат арежиссиор далхуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАрежиссиор Ҭемур Кәакәасқьыр..
Арежиссиор Ҭемур Кәакәасқьыр.. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы ConIFA адунеи ачемпионат Аԥсны ихацыркхоит лаҵарамза 28 рзы, астадион "Динамо" аҟны.

АҞӘА, мшаԥымза 12 – Sputnik, Астанда Арӡынԥҳа. Ашьапылампыл азы ConIFA адунеи ачемпионат Аԥсны ихацыркхоит лаҵарамза 28 рзы, астадион "Динамо" аҟны. Ачемпионат аартреи аркреи рзы арежиссиорс далхуп акоманда "Нарты из Абхазии" алахәыла Ҭемур Кәакәасқьыр.

Имҩаԥгаз атендер аҟны иалырхит Ҭемур исценари иреиӷьу ҳәа.

ConIFA ачемпионат аҟны ӡбаҩцәас иҟалоит урыстәылатәи арбитрцәа.

"Атендер аҽалархәра мҩаԥысуан шықәсыбжак аахыс. Мызкы аԥхьа ирҳәеит афинал ахь асценариқәа ҩба неиит ҳәа", — еиҭеиҳәоит Кәакәасқьыр.

Ачемпионат аартра иалахәхоит ареспублика ахореографиатә ансамбльқәа иҳәеит арежиссиор.

"Ҳара ииаҳҭаххоит ахәыҷтәы ансамбльқәагьы. Ҳәарада ашәаҳәареи акәашареи ҟалоит", — иҳәоит арежиссиор.

Аиҿкааҩцәа ирыгәҭакуп Аԥсны аҭоурыхи амилаҭтә культуреи асценари иаанарԥшырц.

Асценари анышьақәдырӷәӷәа ашьҭахь арежиссиори икомандеи аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит. Ажәытә ԥсыуа ашәақәа рышьаҭала акомпозициақәа ҩхоит, артистцәа акостиум ҿыцқәа рӡахуеит, адекорациақәа аздырхиоит Аԥсуа драматә театр асахьаҭыхыҩцәа.

"Аусура ду ҳзыԥшуп. Уажәы аилацәажәарақәа ҳарҿуп абжьы, алашара рганахьала, амузыкатә мҩаԥгара аганахьала. Атехникатә ҽазыҟаҵарақәа ҳарзыԥшуп. Зегь маншәалахоит ҳәа агәыӷра сымоуп", — иҳәоит Кәакәасқьыр.

Ачемпионат асахьаҭыхыҩс далхуп Витали Қацәба, акостиумқәа рзы сахьаҭыхыҩс – Стелла Амԥарԥҳа, амузыка аус адырулоит Анри Гәымба, Ҭимур Агрба, агәыԥ "Соло".

СonIFA Анагӡаратә еилакы аилатәараҟны, 2015 шықәса ԥхынгәы 8 рзы, еицҿакны рыбжьы рҭиит 2016 шықәса рзы адунеитә Чемпионат Аԥсны имҩаԥысырц. Ихьыԥшым ашьапылампылтә ассоциациақәа Рконфедерациа (ConIFA) еиҿкаан 2013 шықәса рзы. Еиднакылоит FIFA аилазаара официалла иалам атәылақәа ршьапылампылтә командақәа 25.

Ажәабжьқәа зегьы
0