Донецктәи амҩақәа руак Дырмит Гәлиа ихьӡ ахуп

© Фото : Денис Григорюк Дырмит Гәлиа ихьӡ зхырҵаз Донецктәи амҩа
Дырмит Гәлиа ихьӡ зхырҵаз Донецктәи амҩа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Донецки Аԥсни ркультуратә еимадарақәеи Донецктәи амҩақәа руаки ртәы далацәажәоит ҳкорреспондент Асҭанда Арӡынԥҳа.

Мышқәак раԥхьа асоциалтә ҳақәа рҟны ицәырҵит аԥсуа поет, ашәҟәыҩҩы Дырмит Гәлиа ихьӡ зхырҵаз Донецктәи амҩақәа руак асахьа. Оумашәа избаз рацәаҩуп. Арахь, аҭыӡкыдҵала 1968 шықәса рзоуп амҩа Дырмит ду ихьӡ анахырҵаз.

Апоет имоҭа Татиана Гәлиаԥҳа ишылҳәаз ала ари аус даԥшьгаҩны дыҟан донецктәи ажурналист, Дырмит иҷкәыг Гьаргь Гәлиа иҩыза бзиа Михаил Альтер.

"Саб алитературатә газеҭ аҟны аус иуан. Иидыруаз рацәаҩын. Аредакциаҟны аус ициуан донецктәи ажурналист Михаил Альтергьы. Даара еиҩызцәа бзиан саби иареи. Аԥснгьы дсасны даҳҭан" ҳәа лгәалалыршәоит Татиана Гәлиаԥҳа.

Зны, Донецкнтәи иааз Михаил саб ҳамҭас изааигеит ақалақь амҩақәа руак Дырмит Гәлиа ихьӡ шаху зырҵабыргуа аҭӡыкаҳа.

Аԥсуа поет Дырмит Гәлиа ижәла ахаангьы аҵыхәтәан "а" ҳәа акәын ишаниҵоз. Уи аҷыдарагьы азгәаҭан, амала Дырмит иԥсҭазаара иалҵра ашықәс агха аҭаны иҟан, 1953 шықәса ҳәа анын. Дырмит иԥсҭазаара далҵит 1960 шықәса мшаԥымза 7 рзы.

"Аамҭақәак рзы Михаили ҳареи ҳаимадара ыӡит. Иара заа иԥсҭазаара далҵит. Иԥсҭазаара далҵит сабгьы. Ааигәа, Алықьса Гогәуа иԥҳа Амина абри асахьа сзаалҭиит".

Гьаргь Гәлиа имш иира аҽны ибаҟаҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит

Асахьа асоциалтә ҳахьы иназгаз ҳџьынџьуаҩ, шықәсык аԥхьа Донецкҟа еибашьра ҳәа ицаз Владислав Гәымба иоуп.

Иара амҩа аҭоурых ҳәа макьаназы иныҭкааны акгьы изеилымкаац.

Еиҳа лҳәеит абри амҩаҟны инхо Алиа Петрова.

"Амҩа ақалақь агәҭаҵәҟьоуп иахьыҟоу. Иаакәыршаны аҩндуқәа андыргыла, амикрораион аҽанеиҵнах иара мҩа маҷхеит. Ахьӡ здыруагьы ара ииз роуп", — лҳәеит лара.

Абри аҭыԥ иадҳәалоуп лара лхәыҷрагьы. Лара ибзианы илдыруеит Дырмит Гәлиа дызусҭоу, лара лан Кавказтәуп.

Ааигәа Татиан Гәлиаԥҳаи Гьаргь Гәлиа иԥшәмаԥҳәыс Валентина Гәлиаԥҳаи ирыӡбеит Михаил Альтер иҳамҭа дырмит Гәлиа ихьӡ зху амузеи ахь ирырҭарц.

Лара лажәақәа рыла Дырмит Гәлиа ихьӡ ахын Иугославиа идыргылаз аӷба ду. Уи раԥхьатәи аныҟәарахь днаԥхьан апоет иԥа – Гьаргь.

Аӷба аӡбахә ҳәа Татиана акгьы лыздырам. Уи уажәшьҭа аметаллллом ахь инарышьҭхьазар ҟалап, лҳәоит лара. Донецктәи амҩа аганахьала агәыӷрақәа лымоуп.

"Сгәы иаанагоит амҩа Донецк иахьыҟоу аҟазшьа ҷыда амоуп ҳәа. Агәахәара сымоуп ахьӡ мԥсахкәа иахьаанхаз", — лҳәоит лара.

Ажәабжьқәа зегьы
0