Аԥсуа ԥҳәызбеи аԥқьаҭмпыли: Амина Аншԥҳа аԥкьаҭмпыл ду аҿы

© Фото : предоставлено Эммой КортаваАмина Аншба
Амина Аншба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ԥқьаҭасҩы, аспортсменка қәыԥш Амина Аншԥҳа илызку аматериал шәыдылгалоит Наала Аҩӡыԥҳа.

"Анечка"

Аԥсуа ԥқьаҭасҩы қәыԥш Амина Анышԥҳа Европа ақәыԥшцәа рыбжьара деицырдыруеит, зны "аҩбатәи", нас "актәи" аԥқьаҭмҳаԥ ҳәа дыԥхьаӡоуп. Амина ҳара ҳлыргәырӷьоит лықәҿиарақәа рыла. Уи ааигәа Ташкент ақәыԥшцәа рыбжьара имҩаԥысыз атурнир аҟны аиааира лгеит. Аиааира лгеит Словакиа, 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз реиндаҭлараҟынгьы. Мшаԥымзазы Испаниантәи аԥхьахә аалгеит.

Амина хәыҷы лыԥсҭазаараҟны аԥқьаҭмпыл цәырҵит ԥшьышықәса анылхыҵуаз. Амина хәыҷ лаб, Мариа Шарапова Australian open лиааирақәа ирҭаз агәацԥыҳәара абри аиԥш аӡбра иднагалеит – ихәыҷгьы абри аспортхкы дадгалатәуп ҳәа. Аԥсҭазаара иаанарԥшит уи иашаз ӡбараны ишыҟаз. Агха шимыхьыз.

© Фото : предоставлено Эммой КортаваАмина Аншба - победитель турнира в Ташкенте ITF до 18 лет.
Амина Аншба - победитель турнира в Ташкенте ITF до 18 лет.  - Sputnik Аҧсны
Амина Аншба - победитель турнира в Ташкенте ITF до 18 лет.

Амина лан, Емма Кортааԥҳа ахәыҷы лзы аԥқьаҭмҳаԥ аахәаны раԥхьатәи азыҟаҵарахь данналга, илыздырамызт уи лаԥхьаҟа илзыԥшыз, аха азыҟаҵаҩ ахәыҷы сааҭк аҟара аус анлыдиула ашьҭахь дҵааит "уаанӡа шәҽабазыҟашәҵоз?".

Ԥшьышықәса зхыҵуаз ахәыҷы илурбоз ҟалҵон шықәсыбжак, шықәсык уи еиԥш ҟалҵахьазшәа. Хымзтәи арахь лныҟәарақәа рышьҭахь дыхәмаруан, лара лаасҭа ҩышықәса рҟынӡа ихәмаруаз реиԥш.

Амина хәышықәса анылхыҵуаз лыхәмаршьа ибеит лаб иҩыза, еицырдыруаз аԥқьаҭасҩы, СССР ачемпион Александр Метревели. Уи лара лҟыбаҩ оумашәа ибеит, иџьеишьеит, алкаагьы ҟаиҵеит: ахәыҷы Лариса Преобреженскаиа лнапы данҵатәуп. Лариса Преобреженскаиа ахәыҷтәы зыҟаҵаҩ, Анна Курникова лырҵаҩы, усҟантәи аамҭазы азыҟаҵарақәа дырҟәаҵхьан, аха Амина лазыҟаҵара мап ацәылымкит. Ԥшьышықәса дазыҟалҵон.

"Преобреженскаиа Амина даара бзиа дылбеит. Сара сҟны лцәаныррақәа аалырԥшуамызт, аха лхатәык леиԥш дылзыҟан. "Анечка хәыҷ" ҳәагь лҳәалон", – еиҭалҳәоит Амина лан Емма.

Жә-шықәса анылхыҵуаз амина лаб длыԥхеит. Аҭаацәа рзы ари рыцҳара духеит. Ус шакәызгьы аԥқьаҭ ааныжьра аӡбахә зынӡагьы иқәгыламызт. Амина еиҳагьы лҽазҵәылхны аҽазыҟаҵара далагеит. Абри ашьҭахь шықәсыки бжаки ҵуаны лазыҟаҵаҩ Лариса Дмитри-иԥҳагьы лыԥсҭазаара далҵит. Амина уигьы даиааит.

© Фото : предоставлено Эммой КортаваНаграждение Амины Аншба стипендией фонда первого президента России Б.Н. Ельцина "Надежда Российского тенниса" . На фото: Амина Аншба с Наиной Ельциной
Награждение Амины Аншба стипендией фонда первого президента России Б.Н. Ельцина Надежда Российского тенниса . На фото: Амина Аншба с Наиной Ельциной - Sputnik Аҧсны
Награждение Амины Аншба стипендией фонда первого президента России Б.Н. Ельцина "Надежда Российского тенниса" . На фото: Амина Аншба с Наиной Ельциной

"Ахәыҷқәа азыҟаҵарақәа раан икаҳауан, иҟан иҵәыуоз. Лара ахаангьы лаӷырӡык лыҿшәомызт. Лазыҟаҵаҩгьы уи еснагь игәалҭон", — лҳәоит Емма.

Аԥқьаҭмпыл ду аҷыдарақәа

Аҟыбаҩ ҷыда злаз, аџьа иацәымаашьоз Амина лассы адуцәа ртурнирқәагьы дрылахәхо далагеит. 15 шықәса анылхыҵ инаркны ITF акатегориа иаҵанакуа аиндаҭларақәа дрылахәуп. Аԥхьахә рацәа лоухьеит.

Лара лҽазыҟалҵоит Елена Куликовскаиа лҟны, аспорттә школ "Спартак" аҟны.

— Азыҟаҵарақәеи аиндаҭларақәеи рҟны аҽа ҩаӡарак ахь аиасра иаамҭоуп. Уажәазы аҵакы рыманы иҟоуп аҽазыҟаҵарақәа рхыԥхьаӡареи рхаҭабзиареи, — лҳәоит Амина. – сара раԥхьаӡа инаркны азыҟаҵаҩ бзиа дсыман. Уажә исымоу азыҟаҵаҩгьы даара дыбзиоуп. Уи иаллыршеит схатә техника ашьақәыргылара.

— Иуадаҩума атурнир аҽазырхиара? Ԥсихологиала?

— Зегьы ахьалаго акорт аҟны ухныҟәгашьа аԥаҟаррақәа рҟноуп. Иуадаҩу аҭагылазаашьақәа раан уҽеизукроуп. Уи мариаӡам. Аха сара усеиԥш сылсыршоит. Схы снапахьы иаазгоит. "Исылшоит" ҳәа схы иадысҵоит. Ахәмарраан иулшо аҽырҭынчра заҵәык ауп, нас — аиааира азыԥшра.

Аҟыбаҩгьы алшарақәа ацзароуп

Аԥқьаҭмпыл аҟны аҩаӡара ҳаракқәа рахь анеира залшом лымкаала азҟаҵаҩ думамкәа. Азыҟаҵаҩ бзиа иоура даара акыр иаԥсоуп. Азыҟаҵарақәа рзы азал аанкылатәуп, азыҟаҵаҩ иусура ахә ахшәаатәуп. Амина лзы мышкы ҩынтә аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгалатәуп. Уи адагьы абаҩырҵәыратә зеиԥш зыҟаҵарақәа аҭахуп. Москватәи аҳауатә ҭагылазаашьаҟны адәныҟа уҽазыҟауҵар ауеит аԥхынразы мацара, атәыла ԥхаррақәа рахь аҽазыҟаҵаразы ацара – еиҭах афинанс уадаҩра ацуп.

© Фото : предоставлено Эммой КортаваАмина Аншба с профессиональной американской теннисисткой Слоан Стивенс в США.
Амина Аншба с профессиональной американской теннисисткой Слоан Стивенс в США.  - Sputnik Аҧсны
Амина Аншба с профессиональной американской теннисисткой Слоан Стивенс в США.

Иахаь, Амина Аншԥҳа ақәыԥшцәа рыбжьара адунеи аҟны 55-тәи аҭыԥ аанылкылоит, аиҳабцәа рыбжьара – 691-тәи аҭыԥ аанылкылоит. Ари асиа иалагоит 1300-тәи аҭыԥ ала. 12 шықәса раахыс Амина Урыстәыла еизго акоманда далоуп. Уаҟа зхала ихәмаруа рыгәҭа "абыжьбатәи" ҳәа дыԥхьаӡоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0