Ҷкотуа: Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа алархәны ансамбль еиҿикааит

© Sputnik, Бадраҟ АҩӡбаОктаи Ҷкотуа
Октаи Ҷкотуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит Аԥсны Жәлар рартист, Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль “Кавказ” асахьаркыратә напхгаҩы Кандид Ҭарба. Убри инамаданы, ҳџьынџьуаҩ Октаи Ҷкотуа игәалашәарақәа ҳацеиҩишеит.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Аԥсны Жәлар рартист, Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль “Кавказ” асахьаркыратә напхгаҩы Кандид Ҭарба иансамбль ахьаԥиҵаз Ҭырқәтәыла ауп, ҳара ҳџьынџьуаҩ Октаи Ҷкотуа иаҳзеиҭеиҳәеит уи есымша игәаҵаҿы дшынхо.

"1990 шықәсазы акәын. Ҭырқәтәыла, Адаԥазар ақалақьи Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәеи аешьара рыбжьарҵеит. Убри ашықәсан Сақариа иҟанаҵаз ааԥхьарала, Ҭырқәтәылаҟа дҳазнеит аҟаза ду, Аԥсны Жәлар рартист Кандид Ҭарба.

Ижәдыруеит усҟантәи аамҭазы, аиҭанаиааирақәа ирыцыз ауадаҩрақәа ртәы. Убри аамҭазы, Ҭырқәтәыла инхоз аԥсуаа, жәҩангәашәԥхьарак аҳасаб ала иҳадаҳкылеит Аԥсны Жәлар рартист Кандид Ҭарба уахь инеира. Иара илиршеит, Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа алархәны ансамбль "Кавказ" аиҿкаара.

Отдых на ВВЦ - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аҳәынҭқарра Амш Москва иазгәарҭоит

Ансамбль еиднакылон 70-ҩык рҟынӡа акәашацәа. Иара ансамбль ахьӡ ахьизгьы Ҭырқәтәыла ауп. Сара иахьеиԥш исгәалашәоит уи аамҭа, Ҭырқәтәыла ахы-аҵыхәа аҟынтә аҿар шаҟа амцабз рхылҵуаз, бзиа ибаны ансамбль ахь иаауаз. Зегь раԥхьа иргыланы, аԥсадгьыл ахь иаагаз амҩа ахыҵхырҭақәа ԥшааны, рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рхы дырхеит аҿар.  

Уи зегь зыбзоуроу, хымԥада аҟаза ду, ауаҩы лаша Кандид Тарас-иԥа иоуп. Ҭырқәтәыла қәҿиарала аус шиуаз, фымз-бжьымз ааҵуаны иашьа машәырла данҭаха, Аԥсныҟа аара иқәшәеит. Аха, ҳара Кандид Ҭарба иџьабаа ҳмырӡырц азы, иҳалшоз ала ансамбль "Кавказ" аиқәырхара ҳашьҭалеит. Ииашаҵәҟьаны, убас ҳанасыԥ иалан, ансамбль ҳацны ҳҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь аара.

Автобусқәа ҩба рыла, ҳҩызцәеи ҳареи ҳаиманы Аԥсныҟа ҳанаа, ҳцәаныррақәа реиҭаҳәара ажәала иузалыршом. Ансамбль аконцерттә программала иқәгылеит Аԥсны, иара убас Нхыҵ-Кавказтәи аешьаратә республикақәа рҟны: Ҟабарда, Ҟарачы-Черқьесск, Адыгатәыла.

Анаҩс, ансамбль ақәгылара Аԥсны ихыркәшаны Ҭырқәтәылаҟа ихынҳәит. Ансамбль аҿы амарзакан асырҳәон сара. Аԥсны аконцерт амҩаԥгаргьы сара исықәшәеит. Ажәакала, абарҭқәа абыржәы гәыблыла, хьаала исгәаласыршәоит.

Ансамбль алахәцәа рахьтә, аԥхьаҟа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет иҭалаз ҟалеит. Аџьынџьтәылатә еибашьра рхы аладырхәит, бџьаршьҭыхла рыԥсадгьыл рыхьчеит. Иҟоуп иахьа зҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы инхақәо, зыуаажәлари зыԥсадгьыли рымаҵ зуа. Абарҭқәа зегьы рҟны, хымԥада илша рацәоуп, ҳгәы ахааназы иҭнымҵәо Кандид Ҭарба. Иԥсаҭа лашазааит…"


Ажәабжьқәа зегьы
0