Бжьаниа:ажәа ахақәиҭра аҳәынҭқарраҿы набыцра зқәым принципны иҟазароуп

© Sputnik Томас ТхайцукАслан Бжьаниа.
Аслан Бжьаниа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2015 шықәса, мшаԥымзазы Аԥсны еиҿкаан Асоциал-економикатәи аполитикатәи ҭҵаарақәа Рфонд "Аԥра".

АҞӘА, лаҵарамза 5– Sputnik, Роберт Џьапуа. Ажәа ахақәиҭра ҳаамҭазтәи аҳәынҭқарраҿы набыцра зқәым принципны иҟазароуп, иҳәеит ҳкорреспондент диҿцәажәо Асоциал-економикатәи аполитикатәи ҭҵаарақәа Рфонд "Аԥра" анапхгаҩы Аслан Бжьаниа.

2015 шықәса ԥхынгәымзазы Афонд "Аԥра" аоппозициатә мчрақәа Рблок иалалеит. Бжьаниа иазгәеиҭеит Аоппозициатә мчрақәа Рблок иалоу аиҿкаарақәа аҳәынҭқарратә АИХ (СМИ) аҟынӡа рхатә гәаанагара анагаразы алшарақәа шрымам.

"Иналаршә-ааларшәны ателехәаԥшрахьы ааԥхьара анҳауа Афонд аусуҩцәа иҟоу афактқәеи азакәан анормақәеи ҵаҵӷәыс иҟаҵаны атәыла анапхгара рыгхақәеи урҭ агхақәа рҽеишьас ирыманы ирыԥхьаӡои ртәы иалацәажәоит", — иҳәеит Бжьаниа.

Бжьаниа игәаанагарала аполитикатәи ауаажәларратәи процессқәа ареспубликаҟны имҩаԥыслароуп азиншьаҭа рыманы.

"Аҳәынҭқарра аргылараан аԥыжәара рымазароуп атәыла Аконституциеи азакәанқәеи. Асеиԥш азнеишьа хымԥадатәны иҟалеит аиҳаракгьы 2014 шықәса лаҵарамза 27 рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа рышьҭахь. Ҳара иазаҳаԥхьаӡоит ажәа ахақәиҭра ҳаамҭазтәи аҳәынҭқарраҿы набыцра зқәым принципны иҟазароуп ҳәа", — иҳәеит Бжьаниа.

Афонд "Аԥра" анапхгаҩы иазгәеиҭеит иара дшадгылаҩу атәылауаа раԥшьгара – ареферендум амҩаԥгара.

"Ҳара аҽазныкгьы ишьақәҳарӷәӷәоит аҳәынҭқарраҟны апроблемақәа зегьы азакәантә методқәа рыла ишыӡбатәу. Урҭ аметодқәа ируакны ҳахәаԥшуеит ареферендум, жәлартә демократиа аазырԥшуа акакәны иԥхьаӡаны", ҳәа азгәеиҭеит Афонд анапхгаҩы.

Асоциал-економикатәи аполитикатәи ҭҵаарақәа Рфонд "Аԥра" Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанқәеи егьырҭ еиуеиԥшым анормативтә актқәеи Аконституциа ишақәшәо азы ауаажәларратә експертиза мҩаԥнагоит.

Иаарласны Афонд алкаақәа рылаҳәахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0