Абиуџьет ахашәалахәҭа еизҳауеит

© SputnikАҭыԥантәи афото.
Аҭыԥантәи афото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афинансқәа рминистр Амра Қәаранӡиаԥҳа Жәлар Реизара аҿаԥхьа аҳасабырба ҟалҵеит 2015 шықәса рзы ареспубликатә биуџьет шынагӡаз азы.

АҞӘА, лаҵарамза 13 – Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Ареспубликаҟны ишьақәгылеит аҭагылазаашьа абиуџьет ахашәалахәҭа анеизҳауа, лҳәеит Аԥсны Афинансқәа рминистр Амра Қәаранӡиаԥҳа Жәлар Реизара аҿаԥхьа аҳасабырба ҟаҵо.

Лара лажәақәа рыла ареспубликатә биуџьет ахатәы хашәалахәҭа аганахьала еизҳарыла инагӡоуп. 2015 шықәсазы иара нагӡан 4,5 миллиард мааҭ рыла, аныхрақәа идыртәеит 5 миллиардк рҟынӡа.

Аԥсны Аконтрольтә палата ахаҭарнакцәа иҟарҵеит згәаҭарақәак. Аҳасабырба иахәҭоу ахышәа-ҵышәала ишьақәыргылам ҳәа азгәеиҭеит Аконтрольтә палата аиҳабы Роберт Аршба.

"Ахылаԥшратә палата иаҭахын иарбазарц ауалтә хыдҵақәа зегьы, аҩныҵҟатәиқәагьы анҭыҵтәиқәагьы. Заҟа ҳақәу, заҟа ҳарҭараны иҟоу уҳәа. 2015 ашықәс аҟынтәи 2016 ахь иҳаиасышьоу. Ҳалацәажәоит аулафахәы, аха заҟа уалны иҳақәузеи иараҿы", — иҳәеит Аршба.

Апарламенттә еилакы ахантәаҩы Георги Агрба игәаанагарала ауалқәа ма ирықәхлатәуп изқәу ма ирымхлатәуп.

Аилатәара аихшьаалақәа рыла 2015 шықәсазтәи абиуџьет анагӡаразы аҳасабырба Жәлар Реизара ахәаԥшырц абжьгара ҟаҵан.

Ажәабжьқәа зегьы
0