Аибашьраҟны ахалаҭ шкәакәа зшәу

© Фото : из архива Батала КобахияАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1974 рзы Жәларбжьаратәи амедеҳәшьцәа Рхеилак иаднакылеит аӡбра лаҵарамза жәаҩа рзы иазгәаҭазааларц амедеҳәшьцәа рпрофессионалтә ныҳәа, Флоренс Наитингеил лыхьӡала.

Sputnik, Саид Барганџьиа.

Амедеҳәшьцәа рпрофессионалтә ныҳәа амш аҽны Sputnik еизнагеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз амедеҳәшьцәа рҭоурыхқәа.

Иҭабуп, саҳәшьа

1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьранӡа Аҟәатәи ахаԥыцхәышәтәырҭаҟны ҳақьымс аус луан Викториа Ҳашыгԥҳа. Аибашьра ишалагаз шаалаҳаҵәҟьаз илыӡбеит медицинатә усзуҩык лаҳасабала дцарц.

"Сара сҳақьымын. Аибашьра сцару сымцару ҳәа зныкгьы скәанызынуа саанымхеит", — лҳәоит Викториа.

Мзия Абухба. - Sputnik Аҧсны
Ҩы-мцак рыбжьара. Мзиа Сохаӡе-Абыхәба леибашьратә ҭоурых

Лара лажәақәа рыла амедико-санитартә баталион еиҽкаан жьҭаарамзазы.

"Аибашьра алацәажәарагьы агәаларшәарагьы сҭахым", — лҳәоит лара.

Нанули Ҳагԥҳа аибашьра ҟалаанӡагьы аинститут аҟны амедицина иахысуан азы илдыруан агәыр ҟаҵашьа, ахә иҿаҳәашьа.

"Аҩны сзымтәеит. Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь снеиит. Уантәи амедеҳәшьа Манана Сымсыми сареи амедпункт еиҿаҳкаарц Ауадҳараҟа ҳрышьҭит. Мызкаҟара уа сыҟан. Асҭамыр иԥсра ашьҭахь аамҭақәак иан лҟны сыҟан. Ажьырныҳәамзазы афронт аԥхьатәи ацәаҳәахьы снеиит", ҳәа еиҭалҳәоит Нанули.

"Уаанӡа асеиԥш иҟаз ахәрақәа сырнымиацызт. Схәыццәар сыԥсы маҷхар ҳәа сшәон. Ахааназ исхашҭуам, Ԥсҳәытәын ҳәа сыҟоуп, аурыс ҷкәын инапы ахьҿакыз ихҵәеит. Санынеихаххы иаасцәымыӷхеит, аха нас схы снапаҿы иаазгеит. Иаразнак еилыскааит сымхәыцӡакәа исуалу ҟасымҵозар, ишсылымшоз".

"Марттәи ажәылара аҟара иуадаҩыз аҽа жәыларак ыҟамызт. Иҟалап ҳара усҟан уи ҳазыхиамызҭгьы. Ҳбаталион аԥхьа ицеит. Гәымсҭаҟа ҳанылбаа ҳгәы иаанагон аҩбатәи аешелонгьы ҳашьҭаланы илбаауеит ҳәа, аха дара ианаамҭаз излымбааит. Нас лбаашьа ҟамлеит, Гәымсҭа арра рзалмыршеит. Иҟалап џьаҳаным захьӡугьы убра ҳалаԥшызар…", ҳәа лгәалалыршәоит Нанули Ҳагԥҳа.

Хагба Нанули. - Sputnik Аҧсны
Нанули Ҳагԥҳа: зегь раасҭа ирыцҳараз – иҭахоз рыгәҭа сҵаҩцәа ыҟан

Нанули Ҳагԥҳаи Лиалиа Арышԥҳаи еиҳа-еиҳа зхыԥхьаӡара азҳауаз ахәцәа ацхыраара рырҭон. Амедпункт ахьыҟаз аминамиоттә снариадқәа ҩба ақәҳаит. Ихәызи ишьызи ҟалеит. Ахәцәа алыргеит аха амедеҳәшьцәа еимадарада иаанхеит. Ианыхәла рыштаб ахь ихалеит. Уаҟоуп иахьрарҳәаз ажәылара лҵшәадахеит ҳәа.

"Ҳара аҷкәынцәа анбалҵуеи ҳәа ҳаԥшын. Ԥшьаха-ԥшьымш ҳафа ыҟамкәа, ҳажә ыҟамкәа, ацәара атәы згәалашәодаз, аробатқәа реиԥш ашьаӡа-гәаӡа ҳампыҵатата ахәцәа реиқәырхара ҳаҿын," ҳәа еиҭалҳәоит лара.

Ахымҩасқәа ухашәышәуа ауаҩы данеиқәурхо…

Аибашьрахь днеиит Мзиа Абухба-Сохаӡегьы.

"Лыхны ҳаҟан схәыҷқәеи сареи, аха сзымтәеит. Иҟасҵоз уаҟа? Аԥсрақәа ртәы еишьҭаланы иҳаҳауан, арԥарцәа кахәхәа рҵәыуара ҳахьӡомызт. Сеилагарҳәа сшәон", илгәалалыршәоит Мзиа.

"Афронтаҟны схәарҭахап. Маҭәак сыӡәӡәап, хәык ҟасҵап ҳәа сыӡбеит. Ахәыҷқәа раб иаҳәшьа лнапы ианын, илбон".

Марттәи ажәылараан абырсааҭк иадамзаргьы хҭацәыха ыҟамызт. Шәҩыла ахәцәа ацхыраара иаҳәон. Амедеҳәшьцәа лацәааихьшь ҟарҵомызт, ирфомызт иржәуамызт.

— Сыԥсуама? – ҳәа иҵаауан.

"Абри акылҵәара хәыҷӡоума узгарҳәа ушәо. Сантиметракгьы ыҟам", сҳәон аха дара ԥсуан. Сара исҳәозгьы мцын", — ҳәа еиҭалҳәоит Мзиа.

"Зыбжа змамыз ыҟан. Еизаагон маха-маха. Зны ҷкәына қәыԥшк ишьапы хаҳҵәон. Ҩ-сантиметрак раҟара иҟаз ацәа иакын. Ацәа анаахысҵәа, ибжьы ааҭҟьеит. Убарҭ аҩсантиметракгьы ахьаа ирҭеит".

Нина Балаева цәыббрамзазы илаҳаит Баҭал Кәабахьиа амедико-санитартә баталион аиҿкаара даҿуп ҳәа. Абри шаалаҳаз, Аҟәа далҵны Алада Ешыратәи ацҳа дықәсны днеиит Баҭал иҟны. Еилылкаар лҭахын дрыдыркыло дрыдрымкыло. Лшәарақәагьы башамзаарын – Баҭал аԥхьа мап ацәикит еиҿикаауаз абаталион ахь лахыԥхьаӡалара, аха нас дидикылар акәхеит.

Абас медеҳәшьас дҟалеит Нина Гәымсҭатәи афронт аҟны.

Нина Балаева. - Sputnik Аҧсны
Нина Балаева: Аибашьра уԥсҭазаара ахәҭак уцәнарӡуеит

Аибашьра цонаҵы, Нина абџьар лнапы иалыркуамызт.

"Аӡӷабцәа бзиа ирбон автомат ала ахысра, иҟан атапанчақәагьы зыҟәнызҵоз. Сара зынӡаск абџьар бзиа избаӡом. Ахаангьы исымандаз, искындаз ҳәа сҟамлацызт. Иҟан ҳаӡӷабцәа, ирытҟәар рхы аԥырыргарц азы агранатақәа змаз. Аха урҭгьы зныкгьы исыдсымгалацызт. Усеиԥш ҟалап ҳәагьы ахәыцра сҽацәысыхьчон. Сара ахаангьы бџьар сымкыцызт".

Аныҳәа аҭоурых

1953 шықәсазы ауп раԥхьаӡа акәны аныҳәа аидеиа анцәырҵыз. 1853 шықәсазы, Ҟрымтәи аибашьра аламҭалаз англыз ҭыԥҳа Флоренс Наитингеил еиҿылкааит амедицинатә гәыԥ ҷыда.

Раԥхьаӡа аныҳәа аофициал ҟазшьа амамкәа имҩаԥган 1965 шықәса рзы. 1974 шықәса рзы аофициалтә статус аҭан. Лаҵарамза жәаҩа ракәзар Флоренс Наитингеил илымшироуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0