Ԥлиа: Аҟәеи Санкт-Петербурги аиашьара рыбжьарҵар алшоит

© Sputnik, Бадрак АвидзбаПодписание протокола.
Подписание протокола. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ақалақьтә еизареи Санкт-Петербургтәи азакәанԥҵаратә еизареи рнапы аҵарҩит агәҭакқәа рзы Аԥкаанҵа.

АҞӘА, лаҵарамза 13 – Sputnik, Бадрак Аҩӡба. Аҟәатәи ақалақьтә еизареи Санкт-Петербургтәи азакәанԥҵаратә еизареи рнапы аҵарҩит агәҭакқәа рзы Аԥкаанҵа. Аҟәеи Санкт-Петербурги аиашьара рыбжьарҵар алшоит, иҳәеит Аҟәатәи ақалақьтә еизара ахантәаҩы Константин Ԥлиа.

"Сара агәра згоит Аԥкаанҵа анапаҵаҩра ҳаизыҟазаашьақәа ирзеиӷьхап ҳәа", — иҳәеит Ԥлиа.

Аԥкаанҵа инақәыршәаны аганқәа азыхиоуп акультуратәи, анаукатәи еимадарақәа реизырҳара, рырҿиара.

"Ҳнапы зҵааҩыз адокумент ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзгьы ихәарҭахоит. Ҳара ҳҟны инхоит аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа — амедицинеи, анаукеи, аҵареи русзуҩцәа. Урҭ зегьы ҳаҭыр рықәуп", — иҳәеит Санкт-Петербург азакәанԥҵаратә еизара ахантәаҩы Виачеслав Макаров.

Ажәабжьқәа зегьы
0