Шамба: атәылауаҩшәҟәқәа ААР(МВД) аҟны иршароуп

© РИА Новости . Павел Лисицын / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент актәи аԥхьарала рыбжьы рҭиит "Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы" азакәан апроект азы.

АҞӘА, лаҵарамза 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥшьаша Жәлар Реизараҟны имҩаԥысуаз аилатәараҟны Апарламент аҟны атәыла Ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба иҳәеит ажьырныҳәа 1 2020 шықәсанӡа атәылауаҩшәҟәқәеи анхараз азини Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны ирырҭалароуп ҳәа.

"Апроект иазыԥхьагәанаҭоит "Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзинтә ҭагылазаашьазы" азакәани "Аԥсны Аҳәынҭқарра алалареи алҵреи рыԥҟарақәа рзы" азакәани", — иҳәеит иара.

Арҭ азакәанқәа азинмчра роур атәылауаҩшәҟәқәеи анхараз азини рыҭара Амиграциатә маҵзурахьы ииасуеит.

Аԥсны Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьарала рыбжьы рҭиит "Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы" азакәан апроект азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0