Сергеи Багапшь игәаларшәара аҳаҭыраз афотоцәыргақәҵа аартын Аҟәа

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәСергеи Багапшь игәаларшәара аҳаҭыраз афотоцәыргақәҵа аартын Аҟәа
Сергеи Багапшь игәаларшәара аҳаҭыраз афотоцәыргақәҵа аартын Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара аҳәынҭқарратә музеи ахыбраҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩбатәи Ахада Сергеи Багапшь игәаларшәара аҳаҭыраз афотоцәыргақәҵа аартын иахьа, лаҵарамза 29 аҽны. Афотоцәыргақәҵа иалахәын Аԥсны анапхгара, Сергеи Багаԥшь иҭаацәа, иҩызцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа.

АҞӘА, лаҵарамза 29 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥсны аҳәынҭқарра аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь иԥсҭазаара далҵыишьҭеи хә-шықәса аҵра азгәаҳҭоит абри ацәыргақәҵа аартрала. Иара игәалашәара ажәлар ргәаҵаҟны иҟоуп иахьагьы, лҳәеит ацәыргақәҵа аартуа амузеи аиҳабы Мзиа Беиаԥҳа.

"Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи ахыбраҿы ицәыргақәҵоуп Сергеи Багаԥшь иполитикатә мҩеи иџьабааи ртәы зҳәо ифотосахьақәа. Аԥсны аҳәынҭқарра ахадара ихацдыркит ари ацәыргақәҵа аиҿкаара, ҳара уи ҳавагылеит, иҳаӡбеит абасала игәаларшәара азгәаҭара", — ҳәа лҳәеит Мзиа Беиаԥҳа.

Сергеи Уасил-иԥа Аԥсны аҭоурых иҿыцу адаҟьақәа аазартыз политикуп. Владислав Арӡынба дивагыланы иахьатәи аԥсуа ҭоурых рчаԥеит.

"Иара ихаан иалшахеит Аԥсны иакзааны иҟаларц: Кәыдрытәи аҩхаа ҭадырцәит, уи ашьҭахь Аԥсны ахьыԥшымра аиуит. Владислав Арӡынба Иреиҳаӡоу Асовет асессиаҿы ибжьы ширгаз еиԥш, Сергеи Багаԥшьгьи Кремль аԥсшәа абжьы иргеит. Сергеи Уасил-иԥа аус ицызуази иҭаацәеи рзы ишьахә усуп ари ацәыргақәҵа, уи инацҵаны ари ааӡагоуп аҿарацәа рзын", — ҳәа азгәеиҭеит акыр шықәса Сергеи Багаԥшь аус ицызуаз, иааигәаны дыздыруа ауаажәларратә усзуҩ Виачеслав Цыгәба.

Ацәыргақәҵа иаҭааз асасцәа афотосахьақәа иргәаланаршәоз рацәан. Иара иԥсҭазаара атәы зҳәоз афотосахьақәа рацәан. Иара ивагылаз иҩызцәа аполитикцәа, инаигӡоз аус, ижәлар дшырзыҟаз абарҭкәа зегьы аныԥшуеит ари ацәыргақәҵа.

Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь - Sputnik Аҧсны
Бебиаԥҳа: Сергеи Багаԥшьи сареи ҳамаӡақәа еилан, ҳагәра еибагон

"Аполитик дуӡӡа, зажәеи зуси еимадаз, ажәлар бзиа ирбоз, ҩынтә иалырхыз аҳәынҭқарра ахадас, сара хаҭала ҩынтә зыбжьы зысҭаз Аԥсны ахада лаша Сергеи Багаԥшь игәалашәара ҳацыуп есқьынагьы. Егьа зҵаара цәгьа ыҟазаргьы иубон еснагь иара аҳәоу еиқәыршәара дшашьҭаз, агәаанагарақәа акаҿы анагара абарҭқәа зегьы иара илшон, ари акыр зҵазкуа ҟазшьоуп аполитик изын. Лахьынҵас исыман абас иҟаз ауаҩы инапаҵаҟа аусура ахьсықәшәаз", — ҳәа лҳәеит Аԥсны апарламент ахада ихаҭыԥуаҩ Емма Гамсаниаԥҳа.

Аԥсны Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба ицәажәараҿ иазгәеиҭеит Сергеи Багаԥшь аус ицура шаҟа иманшәалаз, иара игәаларшәара ахааназ иӡӡом, аԥсуа жәлар ыҟанаҵ.

"Сергеи Уасил-иԥа иахьа дахьҳацым сгәы снархьоит, аха даҽакала сгәы дууп абас еиԥш иҟаз аполитик ду аус ицура сахьахаану. Убас ирлахьанҵоуп аԥсуа политикцәа дуқәа рыԥсҭазаара аԥсуа ишықәснҵыра ду нҵаны изыҟамлеит, дара рыԥсҭазаара зегьы рыжәлар рлахьынҵа аӡбара иазыркит. Сергеи Багаԥшь игәалашәара ахааназ иӡӡом, аԥсуа жәлар ыҟанаҵ", — ҳәа иҳәеит Аӡынба.

© Sputnik / Томас ТхайцукОткрытие фотовыставки памяти С.В. Багапш
Открытие фотовыставки памяти С.В. Багапш - Sputnik Аҧсны
Открытие фотовыставки памяти С.В. Багапш

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩбатәи Ахада Сергеи Багапшь игәаларшәара аҳаҭыраз иаарту афотоцәыргақәҵа еиднакылоит 60 фото, урҭ рахьынтә 45 дравторуп афотоҭыхыҩ Владимир Попов. Ацәыргақәҵа аартызаауеит мызкы. 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0