Акьыбачымазара зыхьуа реиҳарак аҭаҭын иахо роуп

© Sputnik / Игорь Зарембо / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҭаҭын иахо рстатистика мҩаԥыргараны иҟоуп Аҟәатәи амилаҭтә онкологиатә центр аҟны 2017 шықәса инаркны, иҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Лев Аргәын, "Ҭаҭында амш" аҽны.

АҞӘА, рашәарамза 1 – Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа. Аԥсны аҭаҭын иахо рстатистика мҩаԥыргараны иҟоуп Аҟәатәи амилаҭтә онкологиатә центр аҟны 2017 шықәса инаркны, иҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Лев Аргәын, "Ҭаҭында амш" аҽны. Аԥсны акьыбачымазара зыхьуа реиҳараҩык арыԥҳа кьыбоуп ирыхьуа, ачымазцәа 100 процентк рҟынтәи 70 процент аҭаҭын иахоит, иҳәеит Лев Аргәын.

"Аҭаҭын ахара узызхьаԥшша проблемоуп. Аҿар абри апроблема иазхьарԥштәуп, урҭ идырбатәуп аҭаҭын ахара шҽеим", — иҳәеит аҳақьым.

Лев Аргун, ишиҳәо ала 36 шықәса рҟынӡа иаргьы аҭаҭын дахон, аха ушьҭа хәышықәсоуп икаижьишьҭеи.

"Акьыбачымазара адагьы ари ашьцылара ицәырнагоит абронхит, астма, агәыхь, ашьақәыӷәӷәара", — иҳәеит Аргәын.

Лаҵарамза 31 рзы иазгәарҭоит ҭаҭында адунеизегьтәи Амш. Иара шьаҭаркын 1988 шықәса рзы. Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара иазгәанаҭоит ари ашьцылара есышықәса адунеи аҟны ф-миллионк рҟынӡа ԥсыҭбара шахылҿиаауа.

Ажәабжьқәа зегьы
0