Сынтәа жәохә миллионҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа Аԥсны иаҭараны иҟоуп

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсуа-аурыс ҳәаа.
Аԥсуа-аурыс ҳәаа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа-аурыс ҳәаа иахысуа ауааԥсыреи автомашьынақәеи рхыԥхьаӡара акыр еизҳаит ҵыԥхтәи ашықәс иадкыланы.

АҞӘА, рашәарамза 1 – Sputnik. Аԥсуа-аурыс ҳәаа иахысуа ауааԥсыреи автомашьынақәеи рхыԥхьаӡара акыр еизҳаит ҵыԥхтәи ашықәс иадкыланы. Иахьазы Аԥсныҟа иҭалоит ҩеижәанызқьҩык ауааԥсыреи ԥшьнызқь рҟынӡа автомашьынеи. Абри аҩыза адырра ҟанаҵоит Урыстәыла аладатәи аҳазалхратә усбарҭа.

Лаҵарамзазы аҳәаа иахысит миллионбжак ауааԥсыреи 125 нызқь автомашьынеи. Урыстәылатәи аҳәаахьшьцәа разыԥхьагәаҭарақәа рыла сынтәа аԥсуа ҳәаа иахысраны иҟоуп миллионла ауааԥсыра.

Урыстәыла аладатәи аҳазалхратә усбарҭа аофициалтә дыррақәа рыла рашәарамза инаркны аусура иалагоит ацәаҳәа цҵа автомашьынақәа рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0