Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш азы Гагра имҩаԥысит аконцерт

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАхәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш азы Гагра имҩаԥысит аконцерт
Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш азы Гагра имҩаԥысит аконцерт - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш аҽны Гагра имҩаԥысит агәырӷьаратә концерт.

АҞӘА, рашәара 1 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аԥхын раԥхьатәи амш аҽны иазгәарҭоит акыр зҵазкуа аныҳәа ссир – ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш.

Ус рашәара 1 азы, асасааирҭа "Абхазиа" ашҭаҿы, Гагра араион акультура аҟәша, аҵара аҟәшеи араион Ахадареи рыдгыларала, ақлақьуаа хәыҷқәа рзы еиҿыркааит агәырӷьаратәи концерт.

Гагратәи агәыҳалалратә фонд Ахәыҷқәа рдунеи ахәыҷқәа ныҟәара иргеит Аҟәа. - Sputnik Аҧсны
Агәыҳалалратә фонд "Ахәыҷқәа рдунеи" ахәыҷқәа аныҟәара рзеиҿнакааит

Араҟа асасцәа ргәалаҟазаара шьҭырхит акәашаратәи ашәаҳәаратәи коллективқәа "Мамзышьха", "Афырҭын", "Нарҭ", "Гагрыԥшь", ашколтә коллективқәа "Улыбка", "Звездочка" аҟазаратә школқәа рааӡамҭацәа.

Аныҳәа ззынархоу ахәыҷқәа адныҳәаларақәеи азеиӷьашьарақәеи рыдыркылеит ранацәеи рабацәеи, аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәеи рҟнытә.

"Аԥсны иқәынхо ахәыҷқәа зегьы рҭаацәеи дареи еигымзааит. Рхәыҷратә шықәсқәа илахҿыху амшқәа рыла ибеиазааит. Ҳра иахьа излаҳалшоз ала ирзеиҿаҳкааит аныҳәа. Ирзаҳшеит аҳамҭа хәыҷқәа, аҵааршә", — лҳәеит акультура аҩны аиҳабы Мадина Бганба.

Аныҳәатә программа иалагӡаны, ахәыҷқәа ирыман алшара алакә хаҿсахьақәа ирыдгыланы рфото сахьақәа аҭыхра, абатут аҟны аԥара, арлахҿыхратә конкурсқәа арылахәра.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАхәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш азы Гагра имҩаԥысит аконцерт
Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш азы Гагра имҩаԥысит аконцерт - Sputnik Аҧсны
Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш азы Гагра имҩаԥысит аконцерт

Ари аус еиҿкаара гәахәарыла рхы аладырхәит ақалақь иаҭааны иҟоу аԥсшьаҩцәагьы.

"Ҳара ҳхәыҷқәа ари аныҳәа ссир Гагра иааны иахьазгәарҭо агәахәара ду рнаҭеит. Ҳара аиҳабацәа ҳакәзаргьы, ҳалаԥш ҳзырхыгом аҭыԥантәи акәашацәа. Акырӡа ҳаигәырӷьоит, ари аусмҩаԥгатә алахәра алшара ахьҳауз", — ҳәа азгәарҭеит Москватәи асасцәа.

Ҳаԥхьаҟа ҳзықәгәыӷуа ахәыҷқәа роуп, хымԥдара дара рзы ҳхы ҳаигӡом, рҳәеит аҭаацәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0