Амацәаз иҭакыз Ленинград аветеранцәа рыԥсы ршьоит Пицунда

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАмацәаз иҭакыз Ленинград аветеранцәа рыԥсы ршьоит Пицунда
Амацәаз иҭакыз Ленинград аветеранцәа рыԥсы ршьоит Пицунда - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амацәаз иҭакыз Ленинград аветеранцәа рыԥсшьарамшқәа рхыргон Пицунда.

АҞӘА, рашәарамза 10 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Пицунда ақалақь ахадареи Санкт-Петербургтәи аветеранцәеи, аинвалидцәеи, атәанчаҩцәеи жәларбжьаратәи Рхеилаки ирыбжьаз аамҭалатәи аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Пицундаҟа ԥсшьара иааган амацәаз иҭакыз Ленинград аветеранцәа гәыԥҩык.

"Ҳара ҳзы игәахәара дууп, шәара ҳақалақь аҟны шәыԥсшьарамшқәа ахьышәхыжәго. Санкт-Петербургтәи аветеранцәеи аинвалидцәеи атәанчаҩцәеи жәларбжьаратәи Рхеилак аҭакԥхықәра ду ахахьы иагоит. Иара иалнаршоит, зықәра неихьоу ауааԥсыра ирықәнагоу ахылаԥшра арыҭара, рыԥсҭазаара аиӷьтәра. Агәра згоит иҳабжьоу аамҭалатәи аиқәшаҳаҭра ашьаҭа шаркхо, ҳақалақь ахь шәаара иабзоураны", — ҳәа азгәеиҭеит Пицунда ақалақь ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Алиас Аиба.

Дмитри Кәартаа сасра диҭааит Михаил Реиман - Sputnik Аҧсны
Адунеи ачемпион Дмитри Кәартаа сасра диҭааит Михаил Реиман

Асасцәа ргәыԥ аиҳабыс даман, Санкт-Петербургтәи аветеранцәеи аинвалидцәеи атәанчаҩцәеи жәларбжьаратәи Рхеилак ахаҭарнак Елена Полианскаиа. Лара лажәақәа рыла, аветеранцәа араҟа ирхыргеит ргәы иҭымҵуа аԥсшьарамшқәа.

"Пицундаҟа автеранцәа раагара ҳалшеит Санкт-Петербург аиҳабыреи атуризм аҿиара Ахеилаки рыбзоурала. Ҳтәанчаҩцәа рыԥсы ршьеит, ргәабзиара шьақәдыргылеит. Аҩ-ганк иҳабжьалаз аимадара ҳмырӡроуп. Уажәшьҭа шәара шәветеранцәа ааҳаԥхьоит ҳара ҳахь", — лҳәеит Полианскаиа.

Амацәаз иҭакыз Ленинград аветеранцәа рыԥсшьарамшқәа ирылагӡаны, Пицунда ақалақь ахадара ирзеиҿыркааит еиуеиԥшым акультуратә усмҩаԥгатәқәа.

"Пицунда ақалақь ахадареи Пицундатәи еиду акурорттә еилазаара анапхгареи иҭабуп ҳәа раҳҳәоит ҳганахь иаадырԥшыз агәцаракразы", — рҳәеит асасцәа.

Санкт-Петербургтәи атәанчаҩцәа Пицунда иҟанаҵаз аимадара бзиа рыбжьалеит аҭыԥантәи анацәа Рхеилак ахаҭарнакцәеи дареи.

"Излаҳалшоз ала ҳасасцәа пату рықәаҳҵеит. Ишыжәдыруа еиԥш абырг игәы аҟаҵара мариоуп. Амшын ҭалара анаҩс ирзеиҿкаан Афон ҿыци Аӡиа Риҵеи рахь аныҟәарақәа. Ари раԥхьатәи шьаҿоуп ҳаиҭанаиааираҿы", — лҳәеит Пицунда ақалақь анацәа Рхеилак ахантәаҩы Зинаида Папцаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0