Ҳалуқ Саӡба: есқьынагьы агәра згоит аԥсуа идоуҳамч

© Foto / Сырма АшәԥҳаҲалуқ Саӡба иԥшәмԥҳәыси Гиульаи Храҷаԥҳаи.
Ҳалуқ Саӡба иԥшәмԥҳәыси Гиульаи Храҷаԥҳаи. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сҭампыл ақалақь аҿы, Аҭаҭиурк ихьӡ зху апроспект аҟны Ҳалуқ Саӡба иҭаацәеи иареи иаадыртит аресторан "Сылашара".

Ҳалуқ Саӡба Ҭырқәтәыла Калдахәара ақыҭаҿы диит. Иан д-Шармаҭԥҳан Фаҳрие лыхьӡын. Аҭаацәараҿы ԥшьҩык ахшара ыҟан, ҭыԥҳаки хҩык арԥарцәеи. Иаб иабду иоуп Аԥснынтә ихҵәаны Ҭырқәтәыла иааз. Иабду иара дихаанӡам, уи Ҭырқәтәыла ицоз аибашьраҿы дҭахеит. Иаб усҟан хәышықәса ракәын ихыҵуаз. Ианду еибакалҭла лхәыҷқәа лааӡеит. 

Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Сырма Ашәԥҳа

- Ҳалуқ, ас еиԥш аԥсуа ресторан Ҭырқәтәыла аартра шԥаԥшьыжәгеи, аԥсуа чысхкқәа ишԥарзыҟо шәызланхо амилаҭ?

— Ҳара  хықәкыс иҳаман аԥсуа чысқәа Ҭырқәтәыла инхо амилаҭқәа рызнагара, агьама дырбара. Сара слакҩакуан ари аусура саналагоз. Избанзар, Сҭампыл, еиуеиԥшым амилаҭқәа рыфатәқәа ргьама ахьубаша аҭыԥқәа рацәоуп. Урҭ рыҩаӡара даараӡа иҳаракуп, еиқәыршәоуп ҳаамҭа иақәнаго атехнологиа ҿыцқәа рыла. Ара даараӡа иуадаҩуп аекономикатә еицлабраҿы аиааира, имариоуп аҵахара. Иҟалоит иумоу-иухӡу умал зегьы уцәыӡыргьы. Сҭаацәеи сареи ҳамшәакәа ари аус ҳхы алаҳгалеит. Ҩныҵҟала сзызхәыцуаз акакәын: сыжәлари сыԥсадгьыли раҳаҭыр бауа, иҟасҵо аԥсуа чысқәа ишақәнаго еиԥш атәым милаҭ агьама дырбараҿы ахьхәра соуӡом. Избанзар, есқьынагьы агәра згоит аԥсуа идоуҳамч.

© Foto / Сырма АшәԥҳаҲалуқ Саӡба иҭаацәеи иареи иаадыртыз аресторан "Сылашара" аҿы иҟарҵо афатә.
Ҳалуқ Саӡба иҭаацәеи иареи иаадыртыз аресторан Сылашара аҿы иҟарҵо афатә. - Sputnik Аҧсны
Ҳалуқ Саӡба иҭаацәеи иареи иаадыртыз аресторан "Сылашара" аҿы иҟарҵо афатә.

- Аресторан ахьӡ "Сылашара" иаҵаҵәаху амаӡа ҳзаашәыртыр ҟалома?

— Аԥсуа фатәқәа ргьама хаа еиԥш, иахьынӡасылшо сусгьы гьамала сазнеирц сҭахуп. Ҳакрыфарҭаҿы аус руеит сыԥшәма Гиульаи Храҷаԥҳаи, сыҷкәынцәа Гиорқеми, Уигари иара убас, ҳҭаацәа ирзааигәоу ҳҭынхацәа: Аисель Қаҩԥҳа, Гиулиаи Гәымԥҳа, Сечиль Чагьамԥҳа. Ҳресторан ахьӡ сара соуп изхәыцыз. Схәыҷқәа ран лахь сыхәмарны аҩны лафк анысҳәоз, "Сылашара" ҳәа аԥшәма ԥҳәыс лхьарԥшра бзиа избон. Абри аус аиҿкаара саналага, сара Ҭырқәтәыла издыруаз аҭаацәарақәа сырҭааны, иҟарҵоз аԥсуа чыс азҿлымҳара азызуан. Иара убас, Аԥсны саныҟаз аԥсуа фатәқәа рыҟаҵашьа сацклаԥшуан. Избаз-исаҳаз зегьы еидкыланы аусура нап аҳаркит. Ԥшьымз ҳарҭоуп аус ҳуеижьҭеи.  

- Ирацәаҩума шәыкрыфарҭахь бзиа ибаны имҩахыҵуа ауаа?

Ешьреф Гындиа. - Sputnik Аҧсны
Ешьреф Гындиа: зегь реиҳа сгәы ҭызшьаауаз ҳамҭан - аԥсуа нбан

— Ааи, сара сақәгәыӷуамызт абас азҿлымҳара аиуп ҳәа. Есҽны аресторан ахь иҩналоит ҳчыс аӡбахә ҿыц изаҳауа ауаа. Урҭ азҵаауеит аԥсуа чыс заку, насгьы знык агьама збаз ҩаԥхьа даҭаауеит. Сара Ҭырқәтәыла инхоз аԥсуаа ԥыҭҩык здыруаз џьысшьон. Аха, мап. Абри акрыфарҭа аԥсышәала ахьӡ анны избо аԥсыуак дыҩнамлакәа давсуам, агьама мбакәа дцом, уимоу аҩныҟа рҭаацәа ирзыргоит. Сара сзы, абри иреиҳау гәырӷьароуп. Ҳара иҟаҳҵоит зегьы: абысҭа, аҟәыд, ачашә, ажьҵаа, аилаџь, амгьал, аҳалыжә, арашых сыӡбал, ахәылчаԥа, аԥсуа ашә, ашәырҟәыҷы, ашәырҩа, ахарҵәы, ахарҵәысыӡбал, апарпыл џьыка ҟаԥшьы, аҳаршьыл уҳәа афатәхкқәа рацәаны. Иара убас, ара иҟаҳҵоит ачыс хаақәагьы. Сара сџьабаа, аҳәаанырцә инхо ҳажәлар реизакраҿы реидгылараҿы, Аԥсныҟа рхьарԥшразы лагала хәыҷык иаҩызоу џьысшьоит.

- Шәара шәҭаацәа ишәыларааӡаз аԥсуара шәыхшара рымдара шәҽазышәшәоит, хымԥада. Дара ишԥарыдыркылои? 

— Ақыҭараҿы ҳанынхоз аҭырқәшәа ҳаздырӡомызт. Ашкол ахь ҳанцоуп, аҭырқәшәа аҵара ҳаналага. Ҳани ҳаби ԥсыуа ҵасла ҳрааӡон. Саб иԥсы ахьынӡаҭаз, сыԥшәмеи, схәыҷқәеи, сареи џьарак ҳаидгыланы ҳхы иаҳмырбаӡеит. Избанзар, ус ахымҩаԥгара ҳаԥсуара иатәым ҳәа иԥхьаӡан ҳҭаацәараҿы. Саб, "сыҷкәын" ҳәа санигәыдиҳәҳәалахьаз ҳәа акгьы сгәалашәом. Сара, Аԥсныҟа анеира бзиа избоит. Есышықәса, Аиааира амш ныҳәазы уахь сцоит. Сҭаацәа макьана Аԥсны рымбаӡац. Схәыҷқәа аԥсшәа аҵара иаҿуп. Ибзианы ишышәҵалак, Аԥсныҟа шәызгоит ҳәа ажәа рысҭахьеит. Даргьы аԥсшәа иацԥыҳәаны аҵара иаҿуп. Сҭамԥыл иҟоу аԥсуаа ркультуратә хеидкылаҿы еиҿкаау акәашаратә ансамбльқәа "Редадеи", "Рерашьеи" ирылоуп. Ҽааны, уахь рнагара сгәы иҭоуп. Знык ирбар ираҳар, агәыӷра сымоуп наӡаӡа агәыбылра ркып ҳәа. 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0