Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа ахшараиурҭатә ҩны ацхыраара аҭоуп

Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа ахшараиурҭатә ҩны ацхыраара аҭоуп
Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа ахшараиурҭатә ҩны ацхыраара аҭоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчалтәи ахшараиурҭатә ҩны ҳамҭас ианашьан афатә зҭарҵо архьшәашәага, амаҭәаӡәӡәага амашьына, арԥхагақәа, хкы рацәала амедицинатә маҭәахәқәа, иара убас абзазаратә мыругақәа маҷымкәа.

АҞӘА, рашәарамза 28 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа хада аартын 1953 шықәсазы. Ахшараиурҭатә ҩны акәзар, иахьа уажәраанӡа аус шауц иауеит. Араҟа аус руеит зԥышәа ҳараку 20-ҩык инарзынаԥшуа аҳақьымцәа. Иҟоуп аҳҭнықалақь аҟынтәи Тҟәарчалҟа усура ицо ахәыҷтәы ҳақьымцәагьы.

Акыр шықәса раахыс ахшараиурҭатә ҩны хеигӡарак ҟамҵакәа хадара азылуеит Елисо Кәарҷиаԥҳа. Аибашьра ашьҭахь, араҟа аҭагылазаашьа аҽамԥсахӡеит. Амедицинатә маҭәахәқәа инадыркны, абзазаратә мыругақәа рҟынӡа зегь ажәит, хымԥада урҭ зегьы ԥсахтәуп. 

Мышқәак раԥхьа Сонер Гогәуа, ДЦП ачымазара иадҳәалоу азҵаарақәа рзы даҭааит Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа. Ари ахәышәтәырҭа иаҵанакуа ахшараиурҭатә ҩны аҭагылазаашьа ибарц уахь ааԥхьара илҭеит ахшараиурҭатә ҩны аиҳабы Елисо Кәарҷиаԥҳа.

Сонер Гогәуа ажәа иҳәеит иаарласны абзазаратә маҭәахәқәа рыла ацхыраара шыҟаиҵо. "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахьӡала, Тҟәарчалтәи ахшараиурҭатә ҩны ҳамҭас ианашьан афатә зҭарҵо архьшәашәага, амаҭәаӡәӡәага амашьына, арԥхагақәа, хкы рацәала амедицинатә маҭәахәқәа, иара убас абзазаратә мыругақәа маҷымкәа. 

"Сара Тҟәарчал сыҟазаара иалагӡаны машәырны избеит ахшараиурҭатә ҩны аҭагылазаашьа зеиԥшраз. Ииашаҵәҟьаны ус сақәгәыӷуамызт. Игәасҭеит ахшараиурҭатә ҩны акыр ацхыраара аҭахны ишыҟаз. Ажәагьы рысҭеит иаарласны изласылшо ала, адгылара шрысҭо. Сгәы иаанагоит Тҟәарчал иалҵыз, акры змоу ауаа, аԥхьаҟа ас еиԥш агәыҳалалратә ҟазшьа змоу аусқәа ишырхаҵгыло. Ҳҳәынҭқарра инаҷыданы, досу иҳалшо ала ҳанеидгыла, аус алҵшәа маиурц залшом", — иҳәеит Сонер Гогәуа.

Сонер Гогәуа, иара убас ахшараиурҭатә ҩны аусзуәа ирзеиҭеиҳәеит, ҷыдала ҽыц ахшара зауа анацәа рысабицәа рааӡараҿы рхы иадырхәо амаҭәахәқәа рыла ишеиқәдыршәо. Уи апроект хьӡыс ишамоу "Ани амаалықьи". 

"Ақалақь фырхаҵа — Тҟәарчал иахнагахьоу рацәоуп. Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа ҳахәышәтәырҭа ианымԥшырц залымшеит. Амыругақәа зегьы ажәызаргьы, реиқәырхара ҳалҳаршеит. Ҳус ҭакԥхықәрала ҳазнеиуеит. Аԥхьаҟа аҿиара ҟалароуп. Мызкы иалагӡаны, араҟа 10-ҩык инарзынаԥшуа аҳәса ахшара роуеит.

Ирацәоуп ақыҭақәа рҟынтәи ахшараиура иаҳзаауа аҳәса. Иҟоуп 40 шықәса инареиҳаны аус зухьо, иахьагьы ааԥсарак ҟамҵакәа зус бзиа ибаны иназыгӡо аҳақьымцәа, амедеҳәшьцәа", — ҳәа азгәалҭеит Елисо Кәарҷиаԥҳа. 

Тҟәарчал имҩаԥысыз агәыҳалалратә ҟазшьа змаз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Тҟәарчал администрациа анапхгара, ақалақьтә еизара адепутатцәа, афонд ахьӡала Тҟәарчал аус зуа ахаҭарнак. Иазгәаҭатәуп, иара убас "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ааигәа Тҟәарчалтәи агәыҳалалратә коллеџь акомпиутерқәа рыла ишеиқәнаршәаз. 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0