Ҳаҭхәа ишьха амҵатәи архитектуратә баҟақәа

© Foto / из архива Анзора АгумааДундер В.А. 1898 г.
Дундер В.А. 1898 г. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳаҭхәа ашьха амҵан иҟаз апарк ссирқәеи адачақәеи рыӡбахә шәаԥхьар алшоит Арифа Қапԥҳа лматериал аҟны.

Sputnik

Аҟәа ақалақь аҿиара аҭоурых шышьақәгылаз ала абаҳчақәеи апаркқәеи иргәыҵаҳәҳәа игылаз адачақәа реиҳарак Аҟәатәи аҳаракырақәа мамзаргьы урҭ ркалҭ аҟны акәын иахьдыргылоз. Уажәы ҳрылацәажәоит ашьха Ҳаҭхәа амҵан иргылаз адачақәа ҩба.

Ҳаҭхәа? Иҟалап иаԥхьо рҟынтәи аӡәырҩы оумашәа ибаны, рылахь ааимарццеины иаахәыцыр, уи аҩыза ашьха абаҟоу ҳәа иҵаар. Иҟоуп. Иахьатәи аамҭазы Трапециа ма Остроумов ишьха ҳәа ззаҳҳәо ашьха жәытәла, ҭоурыхла Ҳаҭхәа ишьха ҳәа иашьҭан.

Ҳаҭхәа ишьха аганахьала хәы-змаӡам адыррақәа ҳаиҭоит аԥсуа литература апатриарх Дырмит Гәлиа иԥа Гьаргь Гәлиа. Ацикл "Ахәыҷра иахҳәаау ажәабжьқәа" аҟынтәи иажәабжь "Пушка" аҟны Гәлиа игәалаиршәоит

1916 шықәса рзы асолдаҭцәа абри ашьхахь абзарбзан дуқәа шхаргалаз иҩнаҟынтәи ишибоз.

© Sputnik / Томас ТхайцукДача Дундер
Ҳаҭхәа ишьха амҵатәи архитектуратә баҟақәа - Sputnik Аҧсны
Дача Дундер

"Дара ақалақь германиатәи аӷбақәа "Гебен" "Бреслау" рҟынтәи ирыхьчарц ауп уахь изхаргалаоз. Апушкақәа зныкгьы ишымхысызгьы, урҭ уахь ианнарга ашьҭахь ашьха Батареинаиа ҳәа азырҳәо иалагеит".

Ажәакала ашьха ахьӡ рацәа аман.

Ашьха ашьапаҟныҵәҟьа игылоуп хыбрак, аҵла дуқәа иргәыҵарыҳәҳәаз. Абарагьы уадаҩуп. Ҵәҩанҵәыҟа иҩеиуа ашпиль заҵәыкоуп араҟа хыбрак шыҟоу узырдыруа.

Уахь инеир зҭаххаз иԥшаауеит узлаҭало агәашә хәыҷы. Уи аартны уҿынаухар, амҩахәасҭа унанагоит ҩ-ганклатәи амардуан аҟынӡа. Иахьазы аамҭа акыр ишафахьоугьы, иаразнакы иумбар залшом ажәытә зны бзиабарыла, агәыԥхарра адкыланы ишыҟаҵаз.

© Sputnik / Томас ТхайцукДача Дундер
Ҳаҭхәа ишьха амҵатәи архитектуратә баҟақәа - Sputnik Аҧсны
Дача Дундер

Амҩахәасҭа шәнанагеит Дундер лдачахь.

XIX ашәышықәса анҵәамҭазы абри адгьыл ҽыҭ аалхәеит Вильгельмина Адольф-иԥҳа Дундер. 1898 шықәса рзы илыргылеит ҩбаны еихагылаз, абарҵақәа иаакәыршаны измаз, агармониеи ассиметриеи ирықәныҟәан еиҿкааз адача.

Адача иаакәыршан икаршәын англиатәи астиль иақәшәоз апарк: аӡҭарчқәа, аӡыршәқәа, аҵиаа ԥшӡақәа, аҵла шшәырқәа, ахаҳә иалху аскульптурақәа идырԥшӡон иара.

1909 шықәса рзы адачеи апарки аԥшәмацәа ҿыцқәа роуеит. Адача аархәоит Иван Иван-иԥеи Анна Иван-иԥҳаи Баскаковаа. Урҭгьы иҟаз аԥшӡара еихарымҳазар еиҵарымҳаит.

Асовет аамҭақәа рзы ари ахазынара зегьы аҳәынҭқарра иагеит. Акраамҭа араҟа аус ауан апионерцәа Рхан. Иахьазы иара Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иахатәуп. Абри атәы ашә икыду аӷәаҟны ишарбоугьы, ахыбра акыр ҵуеит иҭацәуижьҭеи. Аилаҳара иаҿуп архитектуратә баҟа ссир, макьаназы еиқәурхаша акыр шыҟоугьы.

Дундер лдача ашьҭахь шәкҟа метра набжьаны акаламҭра уахьнылсуа иубоит даҽа хыбра еиҭаҳәатәык.

Ари Чычба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭа ахыброуп. Ари шамахамзар иуԥымло, иахьазы имԥсыкәа, аҿар ахьеиҵарааӡо ҭыԥны иҟоу хыброуп. Агәахәара ду унаҭоит арахь есыҽны рымҩа ахьхоу акультуреи аҟазареи знапы рылаку ауаа, аҿар.

© Sputnik / Томас ТхайцукМузыкальная школа им.Чичба
Ҳаҭхәа ишьха амҵатәи архитектуратә баҟақәа - Sputnik Аҧсны
Музыкальная школа им.Чичба

Араҟа ибзианы ирдыруеит ахыбра аҭоурых.

Архитектуратә стиль модерн иатәу ари ахыбра ргылан аҭуџьар Нинуа изы XX ашәышықәса алагамҭаз. Архитектор ихьӡ аҭоурых ишазнымхазгьы, иумбарц залшом иара иҩаӡара аҳаракыра ду шамаз.

Лассы-лассы абри ахыбра Малани идача ҳәагьы азырҳәоит. Нинуа ишьҭахь иара иакәын араҟа иаԥшәымаз. Иара ибзоуралоуп адача акәша-мыкәша апарк шышьаҭаркызгьы.

Иазгәаҭатәуп амузыкатә ҵараиурҭа асовет мчраангьы амузыкатә хәышҭаара аҳасабала ишышьақәгылаз. Иара убасҟан ауп ахыбраҟны ианцәыргаз аплакат "Музыка трудящимся".

© Sputnik / Томас ТхайцукМузыкальная школа им.Чичба
Ҳаҭхәа ишьха амҵатәи архитектуратә баҟақәа - Sputnik Аҧсны
Музыкальная школа им.Чичба

Ахыбра аҩнуҵҟа еиқәхеит аинтериер иатәу амаҭәарқәа, акерамикатә плиткала иҭалаҳау ауаџьаҟқәа, амодерн астиль иатәу аԥенџьырқәа. Иааџьоушьартә еиқәханы иҟоуп амардуан хада. Иҟалап мышкызны абри абеиара ду еиҭашьақәыргылахар, убла адхало, уаршанхо иҟалар.

© Foto / из архива Анзора АгумааДача Нинуа
Ҳаҭхәа ишьха амҵатәи архитектуратә баҟақәа - Sputnik Аҧсны
Дача Нинуа

Ажәабжьқәа зегьы
0