Гагра ақалақь азбжа аамҭала ӡыда иҟан

© Sputnik / Александр Вильф / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГагра
Гагра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра ақалақь ауааԥсыра иацы ауха инаркны ӡыда иҟан.

ГАГРА, рашәара 28 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра ақалақь, лассы-лассы афымцалашара ахьыцәо инамаданы, иацы, рашәара 27 рзы ааха аиут, ақалақь азбжа ӡыла еиқәзыршәоз аӡыҭгага асистема.

"Ҽнак ала, хынтә ԥшьынтә афымцалашара ахьыцәо инамаданы, Гагратәи аӡыканал аусураҿы ауадаҩрақәа рацәаны ицәырҵуеит. Иарбанзаалак афымцала аус зуо амаруга иалшаӡом, ари ааха ашьҭха. Насгьы, Гагратәи астанциа хада "Репруа" иамаӡам арезервтә ӡыҭгага. Ӡынгьы ԥхынгьы абас еиԥш, аҭагылазаашьа ҷыда анаԥҵахо, азы иҳамазароуп ҩба ирыдамхаргьы арезервтә аӡыҭгагақәа" — иҳәеит Гагратәи аӡыканал анџьныр хада Михаил Саакиан.

Аӡыҭгагатә станциа ааха анаиу, аҭыԥ аҟны иаразнак инеит аӡыканал аиҳабы Иури Цулукиеи аузуҩцәеи. Иаха дара аӡыҭгага асистема ԥдыргеит, иахьа, ашьыжь инаркны уи аус азыруаз амаруга аибыҭара иалагеит.

"Аӡыҭгага аус азыруаз амаруга еибаҳҭоит, аха уи аҿы ҳхы иаҳархәо, уаанӡа ахархәара змаз амаҭәахәқәа роуп, иҿыцу ҳәа акгьы ҳамам. Сара Гагратәи аӡыканал аҿы сжәытә усуҩуп. Убри аҟнытә ибзианы издыруеит иҟоу апроблемақәа ртәы. Ҳаиҳабырагьы аҳәара рысҭиот, ахылаԥшра ҳарҭарц" — ҳәа ациҵеит анџьныр хада.

Уажәазы, аӡыҭгага аус аруп, аха уи ахьынӡалшо, аӡәгьы издыруам.

Ажәабжьқәа зегьы
0