Иреиӷьыз аушьҭымҭацәа ирыдырныҳәалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукИреиӷьыз аушьҭымҭацәа ирыдырныҳәалеит.
Иреиӷьыз аушьҭымҭацәа ирыдырныҳәалеит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сынтәатәи ашықәс азы Аԥсны ашколқәа роушьҭымҭацәа рхыԥхьаӡара 1828-ҩык ыҟоуп, урҭ рҟынтәи 38-ҩык ибзиаӡаны иалгеит, ахьтәи араӡни медалқәа рыла жәеизаҩык алгеит.

АҞӘА, рашәарамза 29  — Sputnik, Бадраҟ Аҩыӡба. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны иреиӷьыз аушьҭымҭацәа ирызкыз ахәылԥаз мҩаԥысит, рашәарамза 29 рзы.

Аушьҭымҭацәа ашкол ралгара рыдиныҳәаларц азы ахәылԥаз даҭааит атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба, Аминистрцәа Реилазаара алахәылацәа, Апарламент адепутатцәа, атәыла ахадара.

"Иахьатәи амш шәара шәзы иаҵанакуа даара ирацәоуп. Шәызнысыз амҩа уадаҩын, аха аинтереси агәырӷьареи ацын. Иахьатәи аушьҭымҭацәа рхы ззыркша ахырхарҭақәа рацәоуп анаука, аспорт, акультура, аҳәынҭқарра ацхраара. Аманшәалара еснагь ишшәыцзаауа агәра гыны сыҟоуп", — иҳәеит атәыла ахада.

Ахәылԥаз цонаҵы ахәаԥшцәа идырбан афотосахьақәа ашколқәеи аҵара аминистрреи 2015-2016 шықәсқәа рзы русура атәы.

"Аҵыхәтәантәи аԥышәарақәа шәашьҭахь инхеит, уажәы шәара иалшәхроуп шәгәы ззыҳәо аӡанааҭқәа. Ҳҳәынҭқарра иаҭахыуп шәара шәдаррақәа. Ишәзеиӷьасшьоит аманшәалара, шәыгәҭакқәа зегьы нагӡахааит", иҳәеит Аҵареи анаукеи рминистр Адгәыр Какоба.

38-ҩык аушьҭымҭацәа ибзиаӡаны рҵара хдыркәшеит, урҭ иранашьан аҳаҭыртә шәҟәқәа.

"Иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп жәеиза шықәса аҵара ҳзырҵоз ҳарҵаҩцәа, ари амш ҳара ҳзы агәырӷьара ацуп, иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит ҳтәыла ԥхьаҟа иаҳгарц азы", — лҳәеит аушьҭымҭацәа рыуаӡәы.

Адгәыр Какоба иара убас аҳаҭыртә шәҟәқәа риҭеит ахьтәи араӡни медалқәа зауз.

© Sputnik / Томас ТхайцукОтличившихся выпускников школ Абхазии поздравили в госфилармонии
1/3
Отличившихся выпускников школ Абхазии поздравили в госфилармонии
© Sputnik / Томас ТхайцукОтличившихся выпускников школ Абхазии поздравили в госфилармонии
2/3
Отличившихся выпускников школ Абхазии поздравили в госфилармонии
© Sputnik / Томас ТхайцукОтличившихся выпускников школ Абхазии поздравили в госфилармонии
3/3
Отличившихся выпускников школ Абхазии поздравили в госфилармонии
1/3
Отличившихся выпускников школ Абхазии поздравили в госфилармонии
2/3
Отличившихся выпускников школ Абхазии поздравили в госфилармонии
3/3
Отличившихся выпускников школ Абхазии поздравили в госфилармонии

Ахәылԥаз аҿы актәи акласс азыркыз ахәыҷқәа ажәеинраалақәа ирыԥхьеит, аушьҭымҭацәа ирыдырныҳәалеит ашкол иахьалгаз, аманшәаларақәа рзеиӷьаршьеит.

Ахәылԥаз хыркәшахеит аныҳәатә концерт ала.


Ажәабжьқәа зегьы
0