Ашықәсқәа ирылыхәхәа аибашьҩы иӡбахә ааҩит

© Фото : предоставлено Григорием СкворцовымАзиз Агрба
Азиз Агрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан хабарда ибжьаӡыз Азиз Агрба иӡбахә еилкаахеит аграждантә ԥшьгара "Возвращение имени" алшарала.

Роберт Џьапуа

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа Асовет еидгыла ажәларқәа ирзаанагаз агәаҟрақәа акыр ишьардоуп. Егьырҭ ареспубликақәа реиԥш Аԥсынгьы иаҩымсит алаӷырӡи ахьааи. Аофициалтә дыррақәа рыла Аԥсны атәылауаа 55 –нызқьҩык абџьар иаҵагылеит. Урҭ рҟынтәи 17-нызқьҩык рышьҭахьҟа ихнымҳәӡеит.

Хабарда дыбжьаӡит ҳәа дыԥхьаӡан Аҟәа араион Алада Ешыратәи арԥыс Азиз Мда-иԥа Агырбагьы.

73 шықәса рышьҭахь иӡбахә лзааҩит иара иԥҳа Леила Агрԥҳа.

"Саб аибашьрахь дцеит алагамҭазыҵәҟьа, 1941 шықәса рзы. Сара исхыҵуан 4 шықәса. ԥхынран, мамзаргьы ҭагалан ҳанҭалон. Исгәалашәоит, шоуран. Саб даныргоз сан аусура дыҟан. Аҩны иҟан сашьеи саб иашьа иԥацәеи. Ача амасла ахьшьны аповидла нақәҵаны иҳаиҭеит "шәан шәылзыԥшы" ҳәа наҳаиҳәеит. "Абарҭ ишәысҭақәаз шәфаанӡа, саргьы саахынҳәуеит" ҳәагьы нациҵеит", ҳәа еиҭалҳәоит Леила лаб дылгәаларшәо.

Шықәсык ааҵуаны аҭаацәа ироуит адырра Азиз хабарда дшыбжьаӡыз азы. Иҟалаз шыҟалаз атәы ҳәа аӡәгьы акгьы издырамызт. Леила ианлызҳа лаб ихҭысқәа реилкаара дашьҭалеит. Аха лыԥшаарақәа лҵшәадан.

"Абыжьбатәи акәу аабатәи акәу акласс аҟны сантәаз Подольскҟа ашәҟәы зҩит аха аҭак смоуит. Ашьҭахь аԥшаарақәа знапы рылакыз ажурналист ашәҟәы изызҩит, нас – аԥшааратә бригада "Долина" сҽадысҳәалеит аха лыҵшәа смоуит", ҳәа еиҭалҳәоит Азиз Агрба иԥҳа.

© Фото : предоставлено Григорием СкворцовымАзиз Агрба. Нижняя эшера
Азиз Агрба. Нижняя эшера - Sputnik Аҧсны
Азиз Агрба. Нижняя эшера

Азиз хабарда дыӡит ҳәа адырра роуаанӡа рацәак бжьамкәа Орджоникидзе ақалақь аҟынтәи Азиз ишәҟәы роухьан иҭаацәа.

"Уа иара иҩуан аҭак бымҩын избанзар Новоросииска ҳаиаргоит ҳәа. Ашәҟәы еиқәымхеит. Избанзар сашьцәеи сареи уи афлыка алхны аӡы ихаҳҵеит", ҳәа лгәалалыршәоит Леила.

Лаб иӡбахә злалдыруа лани, рыуацәеи, ргәакьацәеи ражәақәа рылоуп. Зегьы еицҿакны иазгәарҭо игәыҭбаареи иҳалалреи роуп. Аибашьра ҟалаанӡа амилициа рҟны аус иуан, 35 шықәса ихыҵҵуан.

Леила дарҭынчуамызт лаб ишахәҭоу еиԥш анышә дамадазу аибашьра адәқәа руак аҟны иԥсыбаҩ аанхазу.

"Сара абри ҭаха снаҭомызт сыԥсҭазаара зегьы. Еснагь сазхәыцуан анышә дамадазу аибашьра адәқәа руак аҟны иԥсыбаҩ аанхарызу ҳәа", — лҳәоит лара лылаӷырӡқәа хажжыло.

Апроект Возвращение имени аӡыргара мҩаԥысит. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны 8 нызқьҩык Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аҟны хабарда ибжьаӡит

2015 шықәса жьҭаарамзазы Леила Азиз-иԥҳа илоуит абриаҟара дыззыԥшыз ажәабжь. Апроект "Возвращение имени" адыррала Азиз Мда-иԥа Агрба анышә дамадоуп Ростовтәи аобласт, ақалақь Миллерова азааигәа, аиашьарҭатә нышәжырҭаҿы.

"1942 шықәса рзы аӷа димпыҵашәеит. Дыҭҟәан. Уа дагьыԥсит. Анышә дамардеит Ростовтәи аобласт, ақалақь Миллерова азааигәа, аиашьарҭатә нышәжырҭаҿы", — лҳәоит аԥҳа.

Леила Агрԥҳа ҭабуп ҳәа иалҳәоит апроект анапхгаҩы Григори Скворцов, инеигӡо, иԥшьоу иус азы.

"Аибашьра иазку афильм уанахәаԥшуа иубалоит — аибашьҩы дҭахеит. Иҩызцәа аамҭала ҳәа анышә наиқәрыԥсоит. Аха нас даргьы ҭахоит. Аамҭала ҳәа анышә иамардазгьы уа даанхоит. Инышәынҭрагьы хьӡыдахоит.сыгә иалоу сан илмаҳаит абри ажәабжь", — лҳәоит Леила Азиз-иԥҳа.

Леилеи лашьцәа ҩыџьеи лааӡеит лан. Леила аус луеит Аҟәатәи ашкол № 2 аҟны.

Иахьазы илхықәкы хаданы иҟоу лаб, Азиз Агрба инышәынҭра аҭаароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0