Спартак Ԥачлиа ацхыраара иҭахуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСпартак Ԥачлиа.
Спартак Ԥачлиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афонд "Ашана" ихацнаркит жәаҩа шықәса зхыҵуа ДЦП змоу Спартак Ԥачлиа ицхрааразы аԥареизгара.

Анжелика Бениаԥҳа, Sputnik

– Аамҭа анумоу иҟауҵарц бзиа иубои?— сиазҵаауеит жәаҩа шықәса зхыҵуа, ДЦП змоу Спартак Ԥачлиа.

– Акомпиутортә хәмаррақәа бзиа избоит. Зны-зынла ампыл сыхәмаруеит – иҳәоит иара.

Спартак ашьапылампыл даара бзиа ибоит. Ашьапылампыл азы ачемпионат ConIfa 2016 анымҩаԥысуаз астадион ахь дахьзымнеиз игәы иалоуп, аха ахәмаррақәа зегьы аҩны дрыхәаԥшуан.

– Сара Аԥснытәи акоманда аиааир сҭахын. Сгәаҳәара наӡеит, – иҳәоит Спартак.

Анела Лакашьиаԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анела Лакашьиаԥҳа лыхәышәтәразы аԥара еизгатәуп

Ахәыҷ иан Елисо Гвилава илҳәеит ахәыҷы даниуаз ихшыбаҩи ашьеи шеилаԥсаз. 15 мшы акиувез дҭан. Ахәышәтәырҭа данҭырга ашьҭахьгьы аҳақьымцәа ихылаԥшуан, аха шықәсыки бжаки анихыҵуаз ауп ихьуаз анышьақәдыргыла.

"Раԥхьатәи ишьаҿа ҟаиҵеит ԥшьышықәса анихыҵуаз. Иара убысҟан дсазҵааит: ахәыҷқәа зегьы хәмаруеит, иҩуеит сара адәахьыҵәҟьа сыздәылҵуам. Избан? ҳәа. Уажәы иара дшыцыркьуагьы маҷк дныҟәоит. Адәаҟны ахәыҷқәа "арҵу" ҳәа иахьишьҭоу игәы инархьуеит. Даара иҭахуп ашкол ахь дныҟәалар.

– Уаԥхьаҟа узакәхарц иуҭахузеи?— сиазҵаауеит сара.

– Аԥстәқәа еиқәсырхаларц сҭахуп, — иисиҭоит аҭак.

Зегь раасҭа бзиа ибоит аканал – Nat Geo WILD. Ицгәы Фунтик акәзар акы иалеиҵом. Ақыҭахь даныргалак икәтқәеи икәҷарақәәеи рыԥхьаӡара дахашәалом. Ихаҭа акәтыжь иҿахьы инеигом, аҽаӡәы ифаргьы иҭахым.

Елисо Гвилава илҳәоит Спартак атәыла далганы дшырымгац. Адокументқәа рзы апроблема рыман. Уи адагьы аԥара аганахьала ирцәыуадаҩын. Аҭаацәа рҟны еиҭах ирызҳауеит ҩыџьа ахәыҷқәа. Ан лымацара илааӡоит.

Афонд "Ашана" аусзуҩы Мактина Џьынџьалԥҳа илҳәеит Спартак хымԥада ахәышәтәра дшахыжьтәу. Уи азы еизгатәуп 347 000 мааҭ.

Спартака москватәи аҳақьымцәа ихәаԥшит. Урҭ ирҳәеит ахәыҷы Москва, НПЦ аҟны ахәышәтәра дшахыжьтәу.

Аҳақьымцәа ражәақәа рыла ахәыҷы ианиаамҭоу ацхыраара имоур акьыл шимоу даанхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0