Ҭырқәтәыла иҭахаз рыбжьара аԥсуа-адыга диаспора ахаҭарныкцәагьы ыҟоуп

© AFP 2023 / OZAN KOSEАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахаҭарнак Инар Гыцба иаҳзааицҳаит Ҭырқәтәыла аҭыԥ змаз ахҭысқәа раан аԥсуа-адыга диаспора ахаҭарнакцәа ҭахеит ҳәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахаҭарнак Инар Гыцба иаҳзааицҳаит Ҭырқәтәыла аҭыԥ змаз ахҭысқәа раан аԥсуа-адыга диаспора ахаҭарнакцәа ҭахеит ҳәа.

"Ахаҭарнакра иамоу адыррақәа рыла ишьақәыргылоуп аԥсуа-адыга диаспора аҟынтәи фҩыуаак шҭахаз", — иҳәеит Гыцба.

"Апартиа "Аиашареи аҿиареи" аҟны аӡыргаразы аҟаза Ерол Олчоки 16-шықәса зхыҵуаз иара иԥа Абдуллах Олчоки —рҭоурыхтә жәла Тлецерук (адыгцәоуп), Анкаратәи апровинциа Гельбащы аполициа аҟәша ҷыда аиҳабы Уфук Баисан – иҭоурыхтә жәла Харат (адыг), аполициа Русбарҭа хада аусзуҩы Джиунеит Бурса —иҭоурыхтә жәла Бырс, аишьцәа Окани Гекхани Есен —рҭоурыхтә жәла Быдаа",  ҳәа ааицҳауеит Инар Гыцба.

Ԥхынгәы 16, ахәаша ауха ҭырқәтәыла аҭыԥ аман абџьар ахархәарала атәылаҟны амчра ахҳәара. Асабша ашьыжь аруаа дырҭаслымуа иалагеит. Атәыла анапхгара алаҳәара руит амчра рнапаҿы ишыҟоу ала.

Азинмчрақәа иахьазы иааныркылахьеит 6000-ҩык рҟынӡа арратә чынқәа. Аҵыхәтәантәи адыррақәа инарықәыршәаны иҭахеит 290-ҩык ауааԥсыра. Ҭырқәтәыла анапхгара аҭыԥ змаз ахҭыс зхароу ҳәа ихьӡ рҳәеит аоппозиционер Фетхуллах Гиулен, ЕАШ (США) инхо.

Ажәабжьқәа зегьы
0