Атурфирмақәа Аҟәатәи аекскурсиақәа аанырымкылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсшьаҩцәа амшын аԥшаҳәаҿы.
Аԥсшьаҩцәа амшын аԥшаҳәаҿы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахаша ауха Аҟәа мызктәи анорма иақәшәоз ақәа леиит.

АҞӘА, нанҳәа 5 – Sputnik, Владимир Бегунов. Амшцәгьа иахҟьаны атуристтә обиектқәа ԥырхага рымам, иҳәеит Аԥсны атуризми акурортқәеи рзы аминистр Авҭандил Гарцкиа.

"Амшцәгьа иаҵанакыз Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони роуп. Убри азы атурфирмақәа рштаттә режим ала аус руеит. Иара Аҟәа акәзаргьы, атуристтә обиектқәа амаамынқәа рпитомники аботаникатә баҳчеи аҭааҩцәа шрымац ирыман", — иҳәеит аминистр.

Ахаша ауха асааҭ 21:40 (мск) рзы иалагаз ақәаршҩы аамҭакьаҿла ақалақь амҩадуқәа ҭнарҭәааит, мызктәи анормаҟынӡа леиит. Ақалақь Ахадараҟны иаԥҵоуп аԥсабаратә рыцҳара аԥыхразы аштаб ҷыда.

Ажәабжьқәа зегьы
0