Кациа: аиод азымхара апроблема агәыгәҭажьра ҟалом

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Баҭал Кациа.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Баҭал Кациа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аиод азымхара апроблема инадҳәаланы Аԥсны амедицинатә усзуҩцәа Рассоциациеи ООН ахәыҷтәы фонди (ИУНИСЕФ) еицымҩаԥыргеит аконференциа.

АҞӘА, нанҳәа 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аиод азымхара апроблема инадҳәаланы Аԥсны амедицинатә усзуҩцәа Рассоциациеи ООН ахәыҷтәы фонди (ИУНИСЕФ) еицымҩаԥыргеит аконференциа. Аиод азымхара апроблема агәыгәҭажьра ҟалом, иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Баҭал Кациа.

"Раԥхьа иргыланы изызхьаԥштәу ахәыҷқәа роуп. Иара азымхара иалшоит рыԥсихика еиҭанакыр. Апроблема ҿыцым. Асовет аамҭақәа раангьы иалацәажәон. Аконференциа алкаақәа рышьҭахь напаҳаркуеит аҭагылазаашьа арҽеира", — иҳәеит Кациа.

Аԥсны амедицинатә усзуҩцәа Рассоциациа адиректор хада Георги Мқанба иқәгылараҟны инаҵшьны иазгәеиҭеит аиод азымхара еиуеиԥшым ачымазарақәа шарҿио.

"Аиод азымхара ауаҩԥсы иорганқәа акыр идыруашәшәыроит: илаҟәуеит аимунтә система, аҟырҟмыџь иазҳауеит, згәы бзиам, ишарамшоу ахәыҷқәа ииуеит, иара убасгьы аԥсихикатә чмазарақәа аррацәоит", — иҳәеит Аԥсны амедицинатә усзуҩцәа Рассоциациа адиректор хада Георги Мқанба.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи ахәыҷқәа рцәеижь аиод агуп

Аҟәа ақалақьи араиони рсанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева иазгәалҭеит аконференциа имҩаԥгаз аҭҵаарақәа реихшьаалақәа инарықәыршәаны ишымҩаԥгоу.

"Еизгаз анализқәа 222 рҟынтәи 192 аус рыдулан. Аиод зымхара ӷәӷәа урҭ рҟынтәи ирымоуп 47-ҩык, иҳараку аиодзымхара 15-ҩык", — лҳәеит Белиаева.

Иахәҭоу анорма 192-ҩык рҟынтәи измаз ааҩык роуп.

ИУНИСЕФ агәабзиарахьчареи акрыфарачареи рзы аҟаза Андреи Тулисов иазгәеиҭеит абри апроблема Аԥсны иҵарны ишықәгылоу.

"Евроеидгыла ҭабуп ҳәа расҳәар ахәҭоуп апроект аԥаразоужьразы. Иахәҭоу аԥаразоужьрада абри ауснагӡатә зеиҿкаахомызт. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы еиуеиԥшым атәылақәа рҟны аиодзымхара апроблема шьахәла иӡбан", — иҳәеит Тулисов.

Иара иажәақәа рыла 31 тәыла рҟны ари апроблема ыҟоуп. Андреи Тулисов иажәақәа рыла апроблема аӡбразы аиод зыцҵоу аџьыкхыш афатә иацҵалатәуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0