Мариа Ԥанчулиӡе ацхыраара лҭахуп

© Sputnik Владимир БегуновАфонд "Ашана" ихацнаркит фышықәса зхыҵуа Мариа Ԥанчулиӡе лзы аԥареизгара
Афонд Ашана ихацнаркит фышықәса зхыҵуа Мариа Ԥанчулиӡе лзы аԥареизгара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афонд "Ашана" ихацнаркит фышықәса зхыҵуа Мариа Ԥанчулиӡе лзы аԥареизгара. 200 нызқьмааҭ аҭахуп москватәи амедицинатә технологиақәа ринститут аҟны ахәышәтәра дахысырц азы.

Sputnik, Владимир Бегунов.

Ахәыҷы лчымазарақәа рацәоуп: ДЦП, лнервтә система ауашәшәырра, лцәажәара ауадаҩра, аблакьыԥшра уҳәа.

Ахәыҷы лан Диана Ԥанчулиӡе еиҭалҳәоит ахәыҷы шықәсыбжак анылхыҵуаз ишеилкаахаз лгәабзиара ауашәшәырра шамаз.

"Усҟаноуп ианааба Маша лықәлацәа дышрыҵахоз ҿиарала. Аныҟәара хышықәса анылхыҵуаз далагеит, ацәажәара – хәышықәса анылхыҵуаз", — лҳәеит ан.

Ахәыҷы лчымазара иахҟьаны лан џьаргьы аус лзуӡом. Лаамҭа зегьы уи илыдуп. Диана лажәақәа рыла Маша асахьаҭыхра бзиа илбоит. Лан лымацара лымч ахьлықәымхо азы андугьы дрыцхраауеит.

© Sputnik Владимир БегуновМаша Панчулидзе с мамой и педагогом-воспитателем детского реабилитационного ценра Сухума
Маша Панчулидзе с мамой и педагогом-воспитателем детского реабилитационного ценра Сухума - Sputnik Аҧсны
Маша Панчулидзе с мамой и педагогом-воспитателем детского реабилитационного ценра Сухума

"Иахьахәлаанӡа лышьҭа схуп џьара акы лмыхьындаз ҳәа. Дани инаркны аусура сҭымҵыц. Исылшо лыгсырхом. Сан лтәанчахәы ала ҳхы ныҟәаагоит. Маҷ шыҟаҳамҵацгьы лцәажәара еилгам, акы акра, ашьҭыхра лцәыуадаҩуп. Ацхыраара ҳарҭарц аҳәара зуеит. Ҳрыцҳара шәаҩымсын", — лҳәоит Диана Ԥанчулиӡе.

Аҟәатәи ареабилитациатә центр аусзуҩцәа ирҳәоит ахәыҷы ареабилитациа аԥшьбатәи акурс дшахысхьоу. Ахәышәтәра ааныукылар нас аихьӡара уадаҩхоит ҳәа рҳәоит дара.

© Sputnik Владимир БегуновМаша Панчулидзе в педагогом-воспитателем детского реабилитационного ценра Сухума Элисой Малания
Маша Панчулидзе в педагогом-воспитателем детского реабилитационного ценра Сухума Элисой Малания - Sputnik Аҧсны
Маша Панчулидзе в педагогом-воспитателем детского реабилитационного ценра Сухума Элисой Малания

Ацентр алогопед еиҭалҳәоит Мариа 2012 шықәса рзы арахь дшаанагаз. Уижьҭеи лцәажәара акыр еиӷьхахьеит.

Маша лани лареи Шәача, Краснодар, Санкт-Петербург ицахьеит ҽыхәышәтәра ҳәа. Уажәы Москваҟа ицароуп. Уа ирзыԥшуп.

Ачымазцәа хәыҷқәа ацхыраара рызҭо афонд аусура иалагеит 2011 шықәса рзы. Уижьҭеи 94 хәыҷы 170 рҟынӡа ҽыхәышәтәра курс иахысхьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0