Гоов: асоциалтә аԥҭекақәа аԥҵатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАндзор Гоов
Андзор Гоов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Андзор Гоов апресс-конференциа мҩаԥигеит агәабзиарахьчара асистема ҿыц аиҿкаареи ашықәс актәи азыбжеи реихшьаалақәа рымҩаԥгара инарыдҳәаланы.

АҞӘА, нанҳәа 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Андзор Гоов апресс-конференциа мҩаԥигеит агәабзиарахьчара асистема ҿыц аиҿкаареи ашықәс актәи азыбжеи реихшьаалақәа рымҩаԥгара инарыдҳәаланы. Апресс-конференциаҟны аминистр иазгәеиҭеит Аԥсны асоциалтә аԥҭекақәа раԥҵара шеиҿкаатәу.

"Ацәажәарақәа цоит асоциалтә аԥҭекақәа аԥҵазарц. Ареспублика аԥҭекақәа хәшәыла реиқәыршәаразы агәабзиарахьчара аминистрра абиуџьет ҩынтәны иазырҳатәуп", — иҳәеит иара.

Иара иазгәеиҭеит аминистрраҟны аус шрыдулоу зыхәԥса хылаԥшра аҭатәу ахәшәқәа рсиа.

"Ҳара иазҳархиеит ихымԥадатәиу ахәшәқәа реиқәыԥхьаӡа. Уи Аминистрцәа Реилазаарахь икылгоуп", — иҳәеит Гоов.

Иахьазы аминистрра ишахәҭоу еиԥш ахатәы аԥҭекақәа рҟны хылаԥшра рызуа иҟам.

Андзор Гоов иара убасгьы иазгәеиҭеит Аԥсны агәабзиарачаԥарҭатә усҳәарҭақәа рҟны хәыда-ԥсада амедицинатә цхыраара зоураны иҟоу ауааԥсыра ркатегориақәа шышьақәыргылатәу.

Ажәабжьқәа зегьы
0