Шәачатәи аспециалистцәа ацрыҵтә ҵеиџьқәеи ацәаҳәақәеи ррыцқьара иаҿуп Гагра

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаШәачатәи аспециалистцәа ацрыҵтә ҵеиџьқәеи ацәаҳәақәеи ррыцқьара иаҿуп
Шәачатәи аспециалистцәа ацрыҵтә ҵеиџьқәеи ацәаҳәақәеи ррыцқьара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәачатәи аӡыканал аспециалистцәа ацрыҵтә ҵеиџьқәеи ацәаҳәақәеи ррыцқьара иаҿуп Гагра.

ГАГРА, нанҳәамза 12 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аԥхынтәи аамҭазы, Гагра ақалақь ауааԥсыра рхыԥхьаӡара иацлеит аҟынтә, ацрыҵтә система аусура амчхара ҳаракхеит. Убри инаҷыданы, Гагратәи аӡыканал ахатәы мчла иацәыуадаҩхеит аҵеиџьқәеи ацәаҳәақәеи ррыцқьара, дара есыҽны арҭ аусурақәа рымҩаԥгараҿы рхы иадырхәо атехника ҷыда, амчхара акырӡа илаҟәуп.

Гагра араион Ахадара иҟарҵаз ааԥхьарала, иахьа арахь зымчхара ҳараку атехника ҷыда рыманы иааит Шәачатәи аӡыканал аспециалистцәа.

"Ашьыжь инаркны Урыстәылантәи иаҳзааз аспециалистцәа нап адаркит ацрыҵтә ҵеиџьқәа жәабеи 600 метра инаӡо ацәаҳәақәеи ррыцқьара. Ҳара Гагратәи аӡыканал аусзуҩцәа ҳакәзаргьы, дара ҳрывагыланы ацхыраара раҳҭоит", — иҳәеит аӡыканал аиҳабы Иури Цулукиа.

Шәачатәи атехника ҷыда иабзоураны, аҵеиџьқәеи ацәаҳәақәеи ирҭажьуи ирԥырачуи агәамсами анышәаԥшьи аԥслымӡи ӡыла иҵырӡәӡәаауеит.

"Аҵеиџьқәеи ацәаҳәақәеи ирҭачу анышәаԥшьи аԥслымӡи, еиҳараӡак амшцәгьақәеи амшын ацәқәырԥа дуқәеи роуп иаазго. Избанзар, дара ахьышьҭаҵоу амшын аԥшаҳәа аҿаԥхьа ауп. Аха, аҭыԥантәи ауааԥсыреи иаҳҭаауа асасцәеи ракәзаргьы иаҵахом. Аҵеиџьқәеи ацәаҳәақәеи ррыцқьара ҳаналага, иаҳԥыхьашәеит хыԥхьаӡара рацәала абзазаратә гәамсам, аџьмацәа инамаркны", — ҳәа агәынамӡарақәа аарԥшуа инаҵишьит Иури Цулукиа.

Аҭагылазаашьа иха иархәаны, Гагратәи аӡыканал аиҳабы Иури Цулукиа ақалақьуааи асасцәеи рахь аҳәара ҟаиҵеит ацрыҵтә цәаҳәақәа иаарԥыхьашәо ҭармыжьларц.

Ацрыҵтә ҵеиџьқәеи ацәаҳәақәеи ррыцқьаразы имҩаԥысуа аусурақәа хылаԥшра арҭоит Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Константин Чыргбеи ақалақь анхарҭатә усбарҭа аиҳабы Аслан Аибеи.

Арыцқьаратә усурақәа рхырқәшара азԥхьагәаҭоуп нанҳәа 13-нӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0