Дмитри Сериков Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыси афинансқәа рминистрыси далхуп

© Sputnik Томас ТхайцукДмитри Сериков
Дмитри Сериков - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аԥыза-министр Артур Амқәаб ԥхьатәара ицара инадҳәаланы Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ҿыц аиҿкаара иаҿуп.

АҞӘА, нанҳәа 15 — Sputnik. Нанҳәа 12 2016 шықәса рзы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Идҵа инақәыршәаны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп Сериков Дмитри Николаи-иԥа. Абри атәы аанацҳаит атәыла Ахада Иусбарҭа.

Сериков Дмитри Николаи-иҧа диит 1976ш. абҵара 29 рзы Москва ақ. аҟны.

2000 ш. далгеит Москватәи анџьныр-физикатә институт. 2002 ш. далгеит Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыраҟны Аҳәынҭқарратә финанстә академиа.

2000-2002 шш. Аус иуан Урыстәылазегьтәи автоматика аҵарадырра-ҭҵааратә институт аҿы.

2002-2004 шш. – ИАУ "Соник Дуо" аҟны аҳасабеилыргаҩы-аекономист, Мегафон-Москва аимадара операторс дыҟоуп.

2004-2011 шш. рзы ИАУ "АҞӘАФОН-GSM" афинанстә директорс, Аҧсны Аҳәынҭқарра аҭелтә еимадара аоператорс аус иуан.

2011-2015 шш. – ИАУ "АҞӘАФОН-GSM" аоперациатә усзуразы адиректор хада ихаҭыҧуаҩыс дыҟан.

2015 шықәса мшаҧымза инаркны Аҧсны Аҳәынҭқарра аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩыс даҭан.

Дҭаацәароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0