Ихшыҩ ҵарын, алаф иҿан, дуаҩ ҟәышын: Деметр Лакоба иҭоурых

© Фото : Иакәыб Лакоба иархив аҟынтәЛакәа Деметр игәараҭа
Лакәа Деметр игәараҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Деметр Лакоба 167-шықәса ихыҵреи, уи иԥа – аԥсуа жәлар рмилаҭтә фырхаҵа Уасил Лакоба диижьҭеи 122-шықәса аҵреи инамаданы, ҳазааҭгылоит урҭ рҭоурых.

Sputnik

Лыхнытәи ашкол директорс иҟаз аԥсуа интеллигент Ажәанба Григори Алмахсиҭ-иԥа иажәақәа рыла, Лакоба Деметр Ҳалыл-иԥа диит 1853 шықәсазы Лыхны (Урыстәыла-Ҟрымтәи аибашьра аналагаз ашықәсан). Иԥсҭазаара далҵит 1947 шықәсазы, Лыхнытәи ашкол амца акны ианблыз аҽны.

© Фото : Иакәыб Лакоба иархив аҟынтәДеметр Лакоба
Ихшыҩ ҵарын, алаф иҿан, дуаҩ ҟәышын: Деметр Лакоба иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Деметр Лакоба

Абылра ашьҭахь ашкол аусура иацҵан, усҟантәи аамҭақәа рзы ауаҩы иааџьеишьаратәы иԥшӡаз, ибеиаз Деметр иаб иашьа иԥа Тагә Лакоба иҩны-ахан аҿы. Деметр – Гыцаа драҳәшьаԥан, Вартагаваа (Ацдәаа) дрымаҳәын. Ихшыҩ ҵарын, алаф иҿан, дуаҩ ҟәышын.

Мушьни Миқаиа - Sputnik Аҧсны
Аԥхьаҩ дызмоу ашәҟәыҩҩы

Лыхны анҭыҵгьы хара зыхьӡ наҩхьаз, ҳаҭыр зқәыз ҭаҳмадан, жәабжьҳәаҩын. Уи абырг ибзианы дырдыруан абзыԥқәа реиԥш, абжьуаагьы, Кавказ Анхыҵгьы. Машәыршәа иҟамлаӡеит, апоет Мушьни Миқаиа 80 шықәса ихыҵра аламҭалаз аԥсуа телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу аҿы Деметр аҵыхәтәантәи ҩышә шықәса ирылагӡаны Аԥсны инхоз 40-ҩык аԥсуа ԥаимбарцәа-ҟәышқәа дреиуан ҳәа ихьӡ ахьиҳәаз. Урҭ ажәақәа роуп ари ауаҩы-лаша азҿлымҳара исҭартә агәаԥхара сызҭаз.  

1918-1921 шықәсқәа рзы, Деметр иҷкәынцәа аиҳабацәа – Даҭеи Уасили, Аԥсны ахырҵәара гәҭакыс измаз ақырҭуа аинрал-меншевикцәа иахьырҿагылаз, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара активла рхы ахьаладырхәуаз иахҟьаны ҭаацәаныла рыԥсҭазаараҿы "уаӷа имшхара" ззырҳәо рзыҟалеит. 1918 шықәсазы, усҟантәи ақырҭуа-нацистцәа иқәццышәаа ирбылит ф-хыбрак инареиҳаны изҵазкуаз Деметр Лакоба инхара дуи, амҩа ааигәа изгылаз адәқьани. Усҟан уи Бзыԥ инхоз аԥсуаа зегьы реиҳа аматериалтә ааха иауит – хьыла 24.252 мааҭ, (урҭ ашықәсқәа рзы Аԥсны зегьы реиҳа аматериалтә ааха ирҭеит аԥсуа патриот, аб-жьуаа рыҭауадцәа иреиуаз Таташь Амаршьан). 

Асовет мчра аиааира анага, Лакәараа рҭаацәа рынхамҩа хәҭак шьақәдыргылеит, идыргьежьит рыҩнаҭа иацыз абзиабара, аԥхарра, аҳәоуеиқәшәара. Ҿыц идыргылаз аҩнаҿы Уасил иан изалылхит, иара даныҟамыз уаҩы дахьыҩналмыжьлоз, ихатәы уада. Уи "Схьынчкәыр иуаҭах" ҳәа дашьҭан. 

Иԥсы шҭаз Деметр ила иабеит ԥшьҩык иԥацәа ргәаҟра – Даҭа, Уасил, Лекур, Виқтор, иҭаца Шьамина, имаҭа ақәрахьымӡа Ҭенгиз. 

© Фото : Иакәыб Лакоба иархив аҟынтәДеметр иԥҳәыс Катрана Вартагааԥҳа
Ихшыҩ ҵарын, алаф иҿан, дуаҩ ҟәышын: Деметр Лакоба иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Деметр иԥҳәыс Катрана Вартагааԥҳа

Ԥшьҩык "жәлар раӷацәа" рыла ишьақәгылаз аҭаацәара аиҳабы, 37-тәи ашьаарҵәыра шықәсқәа рзы, ақырҭуа-нацистцәа рабиԥара ҿыц ицәнагеит ҩыџьа иҷкәынцәа, иҭаца, имаҭа хәыҷы Ҭенгиз. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду азы дҭахеит иҷкәынцәа реиҵыбӡа Виқтор. Имаҭа Ҭенгиз дырбаандаҩны данрымаз, Драндатәи нас Қарҭтәи, анаҩс Москва-Сухановтәи (уаҟоуп Бериа идҵала дахьыршьыз) абахҭақәа рахь ддәықәырҵаанӡа, дҭакын Аҟәа НКВД ахыбрақәа руак аҵаҟа. Усҟан 84 шықәса ирҭагылаз, аурысшәеи ақырҭшәеи ззымдыруаз абду Лыхнынтәи дааны, имаҭа доурышьҭырц дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа уи ахыбра аҭыӡқәа дрыдгьежьылон. Икәымжәы дылатәаны НКВД аусзуҩцәа рҭак дшазыԥшыз изныкымкәа ирхәлахьан, ҽнак зны умаҭа араҟа дыҟаӡам ҳәа иарҳәаанӡа. 

Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз. - Sputnik Аҧсны
Агәыҳалалра ыҟанаҵ дыҟазаауеит ауаҩгьы

Хыхь иарбоу афотосахьа ҿыц ишьақәыргылан 1967/1968 шықәсазы Москватәи Аҳәынҭқарратә Университет иатәу афотостудиаҿы. Иӡхьоу уи аоригинал анын "Аԥсуаа рыԥшрақәа" ҳәа зҵаҩыз аԥочта аконверт. Иҟан, Деметр ацәқәа зҵакыз аԥсуа уардын дахьақәтәоу "ССР аԥочта" даҽа конверткгьы. Иҟалап урҭ асахьақәа Урыстәыла архивқәа рҿы еиқәханы иҟазаргьы.  

Деметр Лакоба иаб Ҳалыл Наҩеи-иԥа (1799-1856) анхацәацқьақәа дреиуан, аҟазшьа бзиа иман, иқыҭаҿ ҳаҭыр-пату иқәын, Аҳцәа рқыҭа Лыхны инагаз асҭаршын Тагә Лакоба иаб иашьа иакәын. Апрофессор Гьаргь Ӡиӡариа ишиҳәо ала, Тагә ида Лыхнашҭа зҵааракгьы рыӡбомызт, зегьы иара иажәеи ихшыҩи ирзыӡрыҩуан. Уи иҭаацәараҿоуп иахьлызҳауаз аҭауад ҭыԥҳа, Лакәараа хәыҷыхьӡла "Таата" ҳәа изышьҭаз, зхатә ҟазшьа змаз Инџьы Ҳаным Чачԥҳа. 

Ҳалыл дынхон ԥсабарала иҩычаз аҭыԥаҿы, ганкахьала амшын ухыԥшылон, егьи аганахьала Бзыԥтәи аҩхаа уҭаԥшуан. Инхарҭа адгьыл маҷымкәа иаҵанакуан. Зны зхыԥша ҳаракыз Лакәараа (Алакобақәа) рышьҭра еиуаз – Баҭа, Даҳәыҟәа, Рикәа, Сасрыҟәа, Тагә, Сааҭ, Урыс, Ҳанашә (Жьарцә-иԥацәа амахәҭа иатәыз Лакәараа – Алакобақәа рышьҭра) рхаан, Аԥсны ақыҭақәа зегьы иреиҳаӡоу Лыхны аҵакыра дгьыл аиҳараӡак рнапаҿы иҟан. Аҽыбӷаҟазацәа рқьаф азы хәмарырҭас иахьрымаз Ҳалыл игәараҭа амацара гектарк адгьыл аҵанакуан.

Долгожители из абхазского села Джгерда - Sputnik Аҧсны
Аҭоурых ашьҭа: Аполлон Думаа игәалашәарақәа

Ҳалыл Ԥлиаа драҳәшьаԥан, аԥсуа жәлар рыхҵәара ҟалаанӡа Лыхны зхыԥхьаӡара рацәаз, ҳаҭыр зқәыз Гыцаа дрымаҳәын. 

Лакәараа рыжәла аҭоурых

Лакәа – Лакәараа – (ҳаамҭазтәи Алакобақәа), зҭоурых ажәытәра иагәыласоу, ааигәанӡа Лыхны зхыԥхьаӡара рацәаз, Лыхни Дәрыԥшьи рҿы зегьы реиҳа зхыԥша ҳаракыз ажәла.  

Аԥсуа жәлақәа рыҭҵаара знапы алакыз, ажәлатә-хьӡқәа ирызкны амонографиатә усумҭа аԥызҵаз аԥсуа ҵарауаҩ, абызшәадырҩ, академик Хәыхәыт Соломон-иԥа Бӷажәба, ажәла Лакоба (ахылҵшьҭра ахьӡ — Лакәа) зетимологиа ашьақәыргылара уадаҩу ажәлақәа ирхыиԥхьаӡалеит.

Иагьа ус акәзаргьы, ҳазлацәажәо ажәла аетимологиа иазкны иҟоу агәаанагарақәа маҷӡам. Џьоукы ари ахылҵшьҭра ахьӡ аԥсуажәа – алакә иадырҳәалоит, даҽа џьоукы ажәа – ала, ахԥатәиқәа Лых Аԥшьаҭыԥ (аԥс. Лых-Ныха, ақыҭа Лыхны ахьыӡ зхылҿиааз), мамзаргьы ажәытәтәи аҳцәа-рхылҵшьҭра Ла. Ленинградтәи аҵарауаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ ду, ахьыбаҟа, апрофессор Георги Федор-иԥа Турчанинов иҭҵаамҭақәа рыла, ақыҭа Лахьа иатәыз ахылҵшьҭра Ла ахаҭарнакцәа руаӡәк – аҳ Ԥту, ҳера ҟалаанӡа, 20-19 ашәышықәсақәа рзы Ажәытә Финикиаҟа атәра дақәшәеит. 

Дмитри Габелиа. - Sputnik Аҧсны
Габелиа: ахәынҭқарра зыргыло аекономика акәӡам, ажәлар рҟазшьеи рдоуҳамчи роуп

Лакоба Уасил Деметр-иԥа (ажәлар рҿы Хьынчажә ҳәа изышьҭаз, иан Схьынчкәыр ҳәа ахьиалҳәоз азы акәхап ус изишьҭаз) (1897-1937) — амилаҭтә фырхаҵа, аҽыбӷаҟаза, Кавказтәи ("Дикаиа") Адивизиа Черкесстәи аполк (аҭауад-ду, ашьҭахь Урыстәыла аҵыхәтәантәи аимператорны иҟалаз Михаил Александр-иԥа Романов хадара ззиуаз) иалаз Аԥсуа сотниа авахмистр, Иԥшьоу Георги иџьарқәа хԥа ирыԥсахаз, Георги имедал занашьахаз, аԥсуа жәлар ифырхаҵаз рмилаҭ-хақәиҭратә ар аковалериа "Кьараз" аиҿкааҩ, уи акомандир, 1918 шықәсазы Аԥсны Арра-Револиуциатә Комитет алахәыла, усҟан СССР иреиҳаӡаз – "орден Боевого Красного Знамени" занашьаз, аԥсуа-асоветтә милициа аиҿкааҩцәа иреиуаз.

Аҟыбаҩ злаз ажәаҳәаҩ, ажәабжьҳәаҩ, алафҳәаҩ бзиа, аԥсшәеи, аурысшәеи, аҭырқәшәеи бзианы издыруаз. Асовет Еидгыла ахаани уаанӡеи инапы злакыз арра-политикатә, ареволиуциатә, ауаажәларратә усзура агеографиатә ҳәаақәа акырӡа иҭбаан: Аԥсны, Австро-Венгриа, Румыниа, Польша, Каменец-Подольски, Киев, Бессарабиатәи агуберниа, Кишиниев, Бендеры, Адлер, Ҭҟәаԥс, Белореченск, Маиҟәаԥ, Невинномысск, Баталпашинск, Черкесск, Баҭым, Ҭырқәтәыла, Қарҭ, Петербург, Москва, убас егьырҭгьы. 

Уасил ихааныз изларҳәоз ала, уала-ҭахыла ауаа еилихуамызт. Ижьрацәара изақәыз аҳаҭыр, ижәлар рахь имаз абзиабара иаҳагьы ишьақәирӷәӷәон аҳәынҭарратә усураҿы. Аԥсуа ҵарауаҩ ду, апрофессор Гьаргь Ӡиӡариа иажәақәа рыла, Уасил наԥхгара зиҭоз "Кьараз" аотриадқәа рҿы имаҷмызт Гыцаа рышьҭра-ԥшӡа иеиуаз иаԥханагьлацәа: Аҳмаҭ, Асҭаԥан, Наҭыгә, Хәҷына, Никәа, Уаҳаид, Алықьса, Џьансыҭ, Ҷыӷрыц, Кадыр. 

Аԥсуаа рышәҩы - Sputnik Аҧсны
Реиҳараҩык хынҳәит: аԥсуаа Актәи адунеизегьтәи аибашьраҟны рлагала

Кьаразаа рзы зегьы иреиҳаз Ахьӡ-аԥша ҳәа иԥхьаӡан Аԥсны ахақәиҭразы ахамеигӡара. Араҟа иҳәатәуп, "Кьараз" алалара шымариамыз атәы. Уи азы иаҭахын, Аԥҟаԥҵәа инақәыршәаны, жәаҩык кьаразаа рҟынтәи арекомендациақәа.  

Уасил Лакоба аамҭақәак рзы Кәыдрытәи (ҳаамҭазтәи Очамчыра араион), Гәмысҭатәи (Аҟәа араион), Гәдоуҭатәи, Гагратәи ауездқәеи Аҟәа ақалақьи рҿы амилициа аиҳабыс аус иуан (иара убри аамҭазы анагӡаратә комитет ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩысгьы дыҟан). Дреиуан аԥсуа милициа аиҿкааҩцәа, Ареспубликаҿы амилициа аиҳабыс дыҟан. 1937 ш. Бериа "илаапкқәа" Аԥсны раԥхьа идырбаандаҩыз дреиуоуп Уасил Лакоба. Уи ноиабр 3, 1937 шықәсазы ашьра иқәырҵеит, адрҩаҽныҵәҟьа дҭадырхеит.

Уи аҩыза алахьынҵа рԥеиԥшхеит иашьагәакьа Лекәыр, иԥҳәыс Шьамина Кьехьырԥҳа (Аԥсны идырбаандаҩыз, иҭадырхаз раԥхьатәи аԥсуа ԥҳәыс, илыцыршьит Нестор Лакоба иан – Шьахәсна Џьергьениаԥҳаи Ҭамара Кәарацхьелиа-Абашиӡеи), урҭ ашықәсқәа рзы ишьыз аԥсуаа зегьы раасҭа иқәыԥшыз, зықәра маҷыз Уасил иԥа Ҭенгиз (иаб иоуп уи Ҭенгиз ихьӡызҵаз, аԥсуа интеллигент Ҭенгиз (Платон) Шьаҟрыл – Ҭамара Шьаҟрыл лаб иаҳаҭыр аҟынтә, уимоу, Уасил иԥҳагьы Зинаида лыхьӡиҵеит.

Русумҭақәа рҿы Уасил Лакоба имаҷымкәа изааҭгылахьеит аҵарауаа:  апрофессор Гь. А. Ӡиӡариа, апрофессор С. З. Лакоба, академикцәа А.Е. Кәыпрааи Б. Е. Саӷариеи, аҭоурыхтә наукақәа ркандидатцәа А. О. Тулумџьани Е. К. Аџьынџьали. Аԥҵамҭа-шьахәқәа изыркхьеит инагоу аԥсуа поетцәа Владимир Анқәаби Гьаргь Гублиеи, жәлар рпоет, аԥсуа литература аклассик Баграт Шьынқәба, ашәҟәыҩҩцәа Шьалодиа Аџьынџьали Игор Хәарцкиеи, адунеи зыхьӡ ахыҵәахьоу аԥсуа шәҟәыҩҩы  ановеллист Миха Лакрба, уи иашьа, акомпозитор Иван Лакрба (Уасил Лакоба Кавказтәи адивизиа Черкесстәи аполк Аԥсуа сотниа ицалаз, еснагь дзыхӡыӡаауаз Иван Лакрба), Иликәа Шьаданиа, убас егьырҭгьы.

Ашәаа ргәараҭа - Sputnik Аҧсны
Аԥсуареи ажәытә ҭынхеи пату ахьрықәу: Ашәаа рҭаацәара аҭоурых

Аԥсны Асовет мчра ҟалаанӡа Уасил Лакоба афырхаҵара ашәақәа ихҳәааны иҳәон жәлар ражәабжьҳәаҩ Жана Ачба. Уасил Лакоба ихьӡ рхуп ҳтәыла аҳҭнықалақь Аҟәа амҩадуқәа руаки, ақалақь Пицунда амаҩадуи, Пицундатәи актәи абжьаратә школи.

Уасил Лакоба ԥшьынҩажәижәабеи шәышықәсеи ихыҵра иазкны иҭыжьын исахьа зну аԥочҭатә конвертқәеи амаркеи. 1977 шықәсазы уи 80- шықәса ихыҵра иадҳәаланы (ақырҭуа КГБ шаҿагылазгьы) Шамил Ԥлиеи Ҭина Корсаиаԥҳаи Афырхаҵа изкны иҭырхит (анаҩс 1992-1993шш. рзы аԥсуа-қырҭуа еибашьраан ибжьаӡыз) ателефильм "Василий Лакоба – человек из легенды".

1937 шықәсазы Аҟәа имҩаԥысит, аҭоурых иазынхаз, Уасил Лакоба иусӡбара. Уаҟа, "ара схы сара исыхьчартә сыҟоуп" ҳәа Лакоба адукат мап ицәикит. Аҵыхәтәантәи иажәа дтәаны идмырҳәар имуит (аусҭҵаара цонаҵы дахьдыргәаҟыз, ирҭаз ааха иахҟьаны дгыланы ацәажәара илшомызт). Арадио ианырҵаз аусӡбара акраамҭа ицон, аха Уасил иҵыхәтәажәа кьаҿын: "Ибзиаз, ицқьаз сшьа зегьы Асовет мчра азықәԥара иахҭнысҵеит, иаанхаз алагьы уи ахә сшәоит".

1937 шықәсанӡа, Аҟәа, Уасил Лакоба иҭаацәеи иареи ахьынхоз рыҩны ирлас-ырласны иаҭаауан иаԥханагьлацәа – Михаил Гарцкиа, Кәыкәыр Гәазаа, Лео Голанӡиа, Ҳаџьараҭ Џьыкырба, Баграт Занҭариа, Самсон Ԥлиа, Самсон Ҷанба. Иара убас араҟа сасра руан Амшын Еиқәа афлот Акомандаҟаҵаҩ, адмирал Иван Кузьма-иԥа Кожанов, Кавказ Нхыҵтәи арратә округ акомандаҟаҵаҩ Михаил Карл-иԥа Левандовски, апартиа Қәҭешьтәи ақалақьтә комитет актәи амаӡаныҟәгаҩ Александр Корсовели (урҭ зегьы 1937 ш. иҭархан). Уасил аамҭа кьаҿк иалагӡаны Қарҭ аус аниуаз, уаҟа изалхыз ауадахь имҩахыҵлон ирацәаҩны асасцәа. Избан асҟаҩык асасцәа ласы-лассы шәыҩныҟа изымҩахыҵуаз ҳәа Уасил иԥҳа ианлазҵаа, аҭак ҟалҵон: "Асасцәа ргәы иақәшәон сан лаԥсуа кҿаҩра, лнапкымҭа ачыс, еиҳараӡак акаҵахәыр саӡбал". Иҟалап уи диашазаргьы.  

Уасил Лакоба иҩнаҭа (Аҟәа дахьынхоз) иаҭаауан Шьамина Кьехьырԥҳа (Деметр иҭаца) гәахәарала зымаҵ луаз аҿар рхаҭарнакцәа: Лиовеи Николаи Киутаа, Леонти Лабахәуа, Арзааби Оҭырба, Леуарса Кәыҵниа, Баграт Шьынқәба. Урҭқәа гәыблыла игәалаиршәоит аԥсуа литература аклассик Баграт Шьынқәба иажәабжь – "Аҭакәажә Расидац" аҟны.

Ажәытәтәи Амбаратәи абааш аҭоурых - Sputnik Аҧсны
Инарҵауланы иҭҵаатәу: ажәытәтәи Амбаратәи абааш аҭоурых

Иахьа Деметр игәараҭаҿы дынхоит имаҭа (Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы иҭахаз Виктор Лакоба иԥа) Рудольф (Зыка) Лакоба. Рудольф иԥшәмаԥҳәыс Нона (Зина) Григолиаԥҳа, иԥҳа Асида Лакоба. Хымԥада, иҳәатәуп ари агәараҭа дшатәу, Деметр имаҭа Кәасҭа, уи имаҭа "Золотая маска России" ҳәа ахьӡ ҳаракы зҽаԥсазтәыз Ианина Лакоба – Урыстәыла зегьы реиҳа ижәытәу Петербугтәи Аимператортә театр ҳаҭыр зқәу актриса. Ианина хыхь зыӡбахә ҳҳәаз ахьӡ ҳаракы даԥсахеит март мза 2012 шықәсазы Санкт-Петербург иахылаԥшуа ҳәа иԥхьаӡоу Иԥшьоу Қсениа лроль ахьыналыгӡаз азы. Аԥсны зегьы иреиҳаӡоу, зҭоурых жәытәӡоу аҳцәа рқыҭа Лыхны иатәыз аԥаимбар имаҭа уи имаҭа Питер ахьчаҩ Иԥшьоу Қсениа лроль ахьыналыгӡаз асимволра ацуп. Уи хьӡла-ԥшала Санкт-Петербург иӡырылгоит аԥсуа диаспореи ижәытәӡоу Лакәараа рышьҭреи. 

Деметр анаҩстәи имаҭа Уасил, уи имаҭа – Иулиа Лакоба, Ломоносов ихьӡ зху МАУ аиуристтә факультет аушьҭымҭа (заб Иура Лакоба аԥсуа Робин Гуд ҳәа изышьҭаз) аурыс фемидара лҽаԥсалтәит. Урыстәыла Афедерациа Ахадас иҟаз Д. А. Медведев иусԥҟала Москватәи Ақалақьтәи Арбитражтә Усӡбарҭа аӡбаҩыс дшьақәирӷәӷәеит. Иазгәаҭатәуп ари Аӡбарҭа адунеи аҿы хыԥхьаӡарала зегьы реиҳа аусқәа ахьеилдырго, иахьырыӡбо ҭыԥны ишыԥхьаӡоу. 

Аинтернет аҿы ҳаԥхьоит Ианина Лакоба лҟазара атәы зҳәо аинфармациа: 2009 шықәсазы Санкт-Петербург иреиӷьӡоу актриса; 2010 шықәсазы "Адраматә театр иреиӷьӡоу актриса қәыԥш" аноминациаҿы Санкт-Петербург аҿар ртеатр апремиа "Прорыв" занашьоу; атеатр аҿы зцәырҵра Инна Чурикова лцәырҵра иеиԥшныршьало; уаанӡа аӡәгьы изынамыгӡацыз Петербург зыхьчо Иԥшьоу Қсениа лроль назыгӡаз; ҩашьара зқәым актриса хатәра ҳәа иԥхьаӡоу.

© Фото : Иакәыб Лакоба иархив аҟынтәУасил Лакоба (агәҭаны)
Ихшыҩ ҵарын, алаф иҿан, дуаҩ ҟәышын: Деметр Лакоба иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Уасил Лакоба (агәҭаны)

Ианина есышықәса даалоит Аԥсныҟа, даҭаалоит Лыхны иҟоу (шықәсык ала илеиҳабыз) лашьазаҵә Ҭенгиз Лакоба иҳаҭгәын. Уи лаб Џьон иԥа Ҭенгиз ихьӡиҵеит 13 шықәса анихыҵуаз идырбаандаҩыз, 17 шықәса дшырҭагылаз Москва-Сухановтәи абахҭаҿы Бериа идҵала ишьыз Ҭенгиз Лакоба игәаларшәара аҳаҭыраз. Ианина лашьа Ҭенгиз дҭахеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, машәырла артҟәацга импыҵаԥжәаны.                      

Ҭенгиз аиҵбы Питер ашкол дышҭаз ахәышәтәырҭаҿы аҳақьымцәа иарҳәеит аԥхарра ахьыҟоу аҭыԥахь нхара диасырц. Абас уи Лыхныҟа дааит, иабду иашьа ишҟа. Иаарласны ақыҭашкол дҭалеит. Изҳауан Ҭенгиз дҟәыбҷаны, дҿырԥшыганы. Игәакьацәа иқәгәыӷуан рышьҭра ишациҵо, аха Анцәа амашәыр дацәимыхьчеит.  

XIX ашәышықәса актәи азбжазы Лакәа Ҳалыл игәараҭа ҳәа зыхьӡ хара инаҩхьаз Лакәаа рџьынџь, анаҩс Лакәа Деметр игәараҭа ҳәа изышьҭаз, гектарк еиҵамкәа адгьыл зҵазкуа ашҭа ҭбаа егьа аԥсҭазааратә рыцҳареи, аҭоурыхтә мыҟәмабареи ахнагазаргьы, ажәлар рлахьынҵа алахьынҵан, рԥеиԥш аԥеиԥшын. Уи аҩнаҭа иалҵыз иахьагьы аԥсуа жәлар рымаҵ руеит, рыхьӡ ҭыргоит, рлахьынҵа иалахәуп. 

Ажәабжьқәа зегьы
0